Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥхынра, 2024 шықәсазы Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит ҩ-фымцадәыӷбак «Ласточка». Арҭ адәыӷбақәа рныҟәара аграфик иаларгалеит, уи аусура иалагоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ҳәа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа апресс-маҵзура аҟнытә адырра ҟанаҵоит «Вести Сочи».
2023/2024 шш. рзы аихшанҵа шьақәыргылоуп ари атранспорт хкы зхы иазырхәо ауаа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәаланы. Убас, акурорттә сезон аан иццаку афымцадәыӷбақәа ныҟәалоит, урҭ рмаршрутқәа Шәача-Гагра, Аҳаирбаӷәаза-Шәача-Гагра ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Арҭ адәыӷбақәа рреисқәа раԥхьаӡа акәны ишьақәырӷәӷәан аԥхынра, 2023 шықәсазы. Урҭ атуристцәа рыбжьара ахархәара бзиа аман.
Иазгәаҭоуп, зынӡа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа иҿыцу аихшанҵаҿы иарбоуп 190 наҟ-ааҟтәи ахырхарҭала иныҟәо адәыӷбақәа, урҭ рахьынтә быжьба ҩ-еихагылакны иҟоу авагонқәа рыла ишьақәгылоуп.
Убри аан Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы «Ласточка» адәыӷбақәа рмаршрут Аҟәанӡа иацҵахоит.