Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар риааира сынтәа 31 шықәса ахыҵит. Аибашьра аветеранцәа уи аамҭа аныргәаладыршәо, даара ирныԥшуеит. Усҟан ҩажәеи акы шықәса зхыҵуаз, аибашьратә мҩа ианысыз Оҭырба Руслан Есмеҭ-иԥа ацәажәара дналагеит:
Жьҭаарамза 16-17 рзы В.Тҳаԥсаев ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр Аԥсны иаҭаауеит.
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа идырбахоит Уилиам Шекспир испектакль «Аҳ Лир» (арежиссиор Гиви Валиев) иара убас Етель Воинич лырҿиамҭа «Овод» (арежиссиор Ельдар Трамов).
Ақәгыларақәа алагоит асааҭ 19:00 рзы, абилеҭқәа раахәара ҟалоит атеатр акассаҿы.
Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ацхыраарала.
Аманда Анталаа
Октиабр 4 азы Москва, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Урыстәылеи Аԥсни адәныҟатәи русқәа Рминистррақәа рхадацәа Сергеи Лаврови Сергеи Шамбеи реиԥылара. Урҭ рҿаԥхьа ишьҭан Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рылацәажәара.
1992 шықәса октиабр 2 азы ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы раԥхьатәи аиааира ган – ахы иақәиҭтәын Гагра ақалақь.
Октиабр 6 азы аԥсуа еибашьцәа кылсит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахь. Аԥсны зҭакыз амацәаз аҵыхәа ԥҵәан.
Жьҭаарамза 9 рзы-ахԥатәи Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Opera Viva» аартра. Жьҭаарамза 10 рзы ахԥатәи Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Opera Viva» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Вадим Судаков ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә капелла аконцерт.
Жьҭаарамза 9 азы, асааҭ 19:00 рзы- аспектакль «Ҳауа идагәада».
Жьҭаарамза 11 азы, асааҭ 19:00 рзы- «Rock-n-roll на скамейке» ҳәа хьӡыс измоу, арежиссиор Гәдиса Ҭодуа имоноспектакль. Ароль хада-ароль заҵә налыгӡоит Гәында Ажьиԥҳа.
Жьҭаарамза 7 азы , асааҭ 19:00 рзы-аспектакль «Аԥеиҳаб».
Жьҭаарамза 7 азы, асааҭ 19:00 рзы аспектакль «Кьоджинские перепалки». Жьҭаарамза 8 азы, асааҭ 19:00 рзы-аспектакль «Ацынҵәарах».
Жьҭаарамза 9, 10 рзы- аԥсихологиатә спектакль «Аметод».
Жьҭаарамза 11-нӡа, асааҭ 12:00 инаркны 20:00 рҟынӡа- «Аҵлацәҟьагьы иагәалашәом» ҳәа хьӡыс измоу Лилит Матевосиан лхатә цәыргақәҵа.
Жьҭаарамза 8, 11, 13 рзы асааҭ 17:00 рзы-Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа инаигӡо аоргантә музыкатә концерт.
Аманда Анталаа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992 ш., октиабр) Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь акәын. Гәдоуҭа араион аҭоурых ду змоу Лыхны ақыҭан октиабр 7-9 рзы имҩаҧысраны иҟан Аҧсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа аҧҵаразы Аконгресс.