Аҧсны Аџьынџьтәылатә еиба­шьра аҟны Аиааира сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит.  Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк иеиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.

Жәытә-натә ахшара рацәа зааӡоз аҭаацәарақәа ҳаҭыр рықәын. Ахәыҷы рацәа ахьыҟаз ашҭақәа рҿы еснагь агәырҕьабжь ҭыҩуан.

Ҳәарада, 30 шықәса раҧхьа  ҳажәлар зҭагылаз, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирхыргаз, рхы-рыҧсы ақәҵаны рџьынџь шырхьчоз атәы еиҭаҳәашьа амам. Аха есааирагьы иуадаҩхо иалагеит аибашьра аӡбахә алацәажәара…

Ззанааҭ зыҧсҭазаароу

22 Рашәара 2023 13:29

Ишдыру еиҧш аҟазара ахырхарҭақәа акырӡа ирацәоуп. Иарбанызаалак иара ахатә знеишьа амоуп. Аҟазара ауаҩы дазааигәазар ҩнуҵҟала, иаразнакы инапахьы аагара илиршоит.

Ақалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа имҩаҧысит аҭоурых ду змоу ахҭыс. Ишаадыруа аиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага абџьар шьҭызхыз ахацәа инарывагылеит аҭыҧҳацәагьы.

Ашҭа ҧшьа

16 Рашәара 2023 12:01

Ажәҩан аҵаҧшра зцәыуадаҩу, зхызҿы хьаала иҭәу, ашәы зҽылаҳәаны, ацәажәара иналагаз аҧҳәыс, лыбжьи лыгәынқьреи аҩны аҭӡамцқәа дырҵысуан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me