Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсуа ҩы зцым ныҳәак, еишәа-чарак ыҟам аҧсуа ҩнаҭа аҟны. Жәытә-натә аахыс аҧсуа изы – аҩы акыр аанагоит, ҳаҭыр изақәуп.
Ажь аарыхра, уи иалхны аҩы аҟаҵара аҧсуа ицәтәымым, ашәышықәсақәа иргәылсны иаауеит ари акультура. Ҧсыуа ҩнаҭацыҧхьаӡа аӡахәа змааӡо, зхатә ҩы ҭазымҭәо дуҧылом шамахамзар. Иазгәаҭатәуп, иахьа аҩы шыржәуа еиҧш рхы шымҩаҧырымгоз ажәытәан, арыжәтә рхы иадырхәон еицәажәагас, аамҭагагас, ҳаҭыр еиқәҵагас.
Ари атрадициа аиқәырхареи аҧсуа ҩы аӡыргареи хықәкыс ишамоу азгәаҭо, Н. Ачба ихьӡ зху Амилаҭтә ҩқәа рконкурс амҩаҧгара иазкны ааигәа имҩаҧысыз апресс-конференциа ааиртит аилахәыра «Аҩқәеи аӡқәеи» реиҳабы Николаи Ачба. Уи ицәажәараҿы иазгәеиҭеит, 2023 шықәса апрель 8 рзы Н.Б.Ачба ихьӡ зху Аҧсуа ҩқәа рмилаҭтә конкурс амҩаҧгара шаҧшьыргаз аилахәыра «Аҧсны аҩқәеи аӡқәеи», иагьшышьақәнаргыло аҧхьахәтә фонд 2 миллион мааҭ, ақыҭанхамҩа аминистрреи аилахәыра «А-Мобаили» рыхьӡала аҧхьахә ҷыдақәа.
Н.Ачба ицәажәараҿы инарҭбааны дазааҭгылеит аконкурс аҧҟарақәа, уи шымҩаҧгахо. Инаҵшьны иазгәеиҭеит аконкурс ишаладырхәуа аилахәыра маҷқәа, макьана иӡыргам, ауаа ирзымдыруа. Хықәкыс иамоуп ас еиҧш аилахәыра маҷқәа иҟарҵо аҩы аӡыргара, уи адәқьанқәа рҟны ирҭиртә, иқәдыргылартә аҭагылазаашьа рзаҧҵара.
«Аҧсуа ҩы, ҳтәылахь имҩахыҵуа асасцәа ирыдаагалартә, Аҧсны анҭыҵ рыларҵәареи, уи жәытә аахыс ахьӡ иамаз аҧхьаҟагьы аӡыргареи рзы иҳалшо ала ацхыраара раҳҭоит аҩы аҟаҵара аҧшьызго агәыҧқәеи аилахәыра маҷқәеи. Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра акәзар, хаҭала, «иреиҕьу аҩы» алхра иазку аконкурс амҩаҧгараҿы ацхыраара ҳарҭоит», – иҳәеит Н. Ачба иажәа хыркәшауа.
Аҧсны ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит, аконкурс даара аҧшьгара бзианы ишиҧхьаӡо, аҧсуа ҩы аӡыргареи рыларҵәареи рзы даара акыр ишыцхыраагӡоу, убри аҟнытә дара рганахьалагьы адгылара шарҭо.
Алиса Гәажә-ҧҳа