Амшцәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп

Амшын ацәқәырԥа дуқәа ирыхҟьаны Гагра араион 2010-тәи акилометр аҿы аихамҩа аӡәӡәеит.

Апассаџьырцәа ршәарҭадареи, анаҩс аинфраструктура ааха амоурци рзы адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылан.

Москва – Аҟәа ахырхарҭала иаауаз апассаџьыртә дәыӷба Цандрыԥшь иаангылеит. Еиԥҟьарада аимадара аиқәыршәаразы, Аԥсны аихамҩа аусзуҩцәа автобусқәа рыла ауааԥсыра рныҟәара еиҿыркааит.

Афымцадәыӷба «Диоскуриагьы» Цандрыԥшь иаангылеит.

Уажәтәи аамҭазы Аԥсны аихамҩа аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп. Аихамҩатә еимадара иаарласны еиҭашьақәыргылахоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me