Араӡны маҟа

Хәаԥ ақыҭан дынхон-дынҵуан аҟыбаҩ ҷыда злаз, «амца дақәуҵар дбылуам» ззырҳәоз, Гәдоуҭа араион еицырдыруаз аҽыбӷаҟаза, аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьа аҟны аӡә иҵамхоз, зысасдкылара ҭбааз, ачеиџьыка змаз, аԥсуа нхаҩ нага, сабду, Шәарах Хаԥшь-иԥа Гәажәба.

Хаҭала, сара уи сихааным, аха иҭоурых бзианы издыруеит, саби саб иашьцәеи рҟнытә исаҳахьоу ажәабжьқәа рыла. Уи 1960-тәи ашықәсқәа раан идунеи иԥсахит. Ажәытәан, сабду ихаан араӡны маҟа змамыз аԥсуа хаҵа шамахамзар дуԥыломызт, еиҳаракгьы, аҽыбӷаҟаза араӡны маҟа ныҟәимго ҟалашьа амамызт.
Лассы-лассы сабду ираӡны маҟа ауаара игалон, даҳәалон забшь­ҭраҟны уи «ԥхыӡгьы изымбацыз», зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳқыҭа еиуаз хаҵак, (схаҭа ибзианы сихаануп, қәрала сабду иаҵкыс акыр деиҵан, макьаназ ихьӡи ижәлеи мҳәакәан инсыжьуеит, аха ихшара арҭ ацәаҳәақәа ирыԥхьар ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит зыӡбахә сымоу дызусҭоу).
Сабду Шәарах дычмазаҩны аиарҭа даман. Еснагь еиԥш уи ахаҵа дырҩегь ираӡны маҟа ауаараҳәа деиҭаахт (сабду харак дышзымнеиуаз игәы азҩазар акәхап, анаҩс иихәыцыз нас еилкаахеит). Сабду дахьышьҭаз, агылара илшо дыҟамызт, «ишәҭ» иҳәеит аарла. Саб иаҳәшьцәа руаӡәк лнапала инаганы, араӡны маҟа илҭеит. Уи ус шакәыз, саб иаҳәшьа илҳәо акырынтә исаҳахьан санхәыҷыз инаркны.
Араӡны маҟа ауаараҳәа ианига ашьҭахь, мчыбжьык ааҵаанӡа сабду идунеи иԥсахит. Усҟан зықәрахь инеихьаз абырг иԥсҭазаара далҵыргьы «агәлымҵәах» иеиԥш дырџьабон, аԥсра ҳаҭырла иазныҟәон, уажәеиԥш иалашьцыланы иҟамызт. Сабду қәра дук изнымҵит, дырџьабеит, ргәы далырхит, ддырҽеит, иқә-иҵас уҳәа ишахәҭаз ала дымҩаԥыргеит. Иҟама згәалашәодаз усҟан?! Аиныхраан араӡны маҟа иашьҭалеит, аха иубар иаахә, азныказы рхаҿы имааит агәыла ауаара ишигахьаз. Ԥыҭрак ашьҭахь саб иаҳәшьа илгәалашәеит лнапала ҳгәыла ауаараҳәа ишилҭахьаз. Аха, «баҟәыҵ иааигап», – рҳәан ихала ишигаз еиԥш ирхынҳәуаз џьышьа, рыҽныркылеит. Ихаҭа уаҳа ихабар ҟаимҵеит. Сабду иеиныхра ашьҭахь шықәсык аҟара ицәыримгеит. Шьҭа ирхашҭхьазаргьы ирхашҭхьеит игәахәын, чарак аҟны имӷаҵаны, даҵаҽырбо днеизаап. Араӡны маҟа «уажә ирбазма», издыруаз рацәаҩын аҟнытә, аӡәы днаидгылан «Шәарах ираӡны маҟа уара иудызгалеи» – ҳәа диазҵааит. Иара аҭакс деиҵамхакәан, заа иӡбаны дшыҟаз мҩашьо «Шәарах ҳамҭас исиҭахьан» – иҳәеит. Ас еиԥш аҭак ззымбатәбарахаз ауаҩ, саб Беслан Гәажәба иҿы дааин «Шәарах ираӡны маҟа, ихылҵ ушыҟаз, агәыла ишԥаииҭоз» – ҳәа диазҵааит.
Усҟан саб дацәымҩашьо агәра игеит, уи ахаҵа сабду иҷан архынҳәра игәы ишҭамыз, мыцҳәарыла аԥсы иҷан, иҟәых шитәитәыз. Даара игәы ԥнажәеит, аха аԥсуаҵас ааӡареи ахымҩаԥгашьа бзиеи илнамыршеит қәрала иеиҳабыз иҿаԥҽра, уи ишихәҭаз ала изныҟәара. Иахьеиԥш исгәалашәоит, зынгьы «саб ираӡны маҟа аазгоит» – ҳәа саб иаҳәшьа дышдәықәлахьаз, аха саб, аԥсаҭа бзиа, дирхынҳәит. «Аамҭа акыр цахьеит, ауаҩра ицәмаҷхазаргьы, ҳара ҳхы иара иҟынӡа илбаанаҳхрым, акыс ҳаигәылацәоуп «араӡны маҟа» азыҳәан ҳаилыҵрым», – иҳәеит уи.
Акырынтә сабду ираӡны маҟа аҭыӡшәа шьҭырххьан ҳаҩнаҭаҿы, иқәырҵахьан, иқәырххьан, аха «ахара здыз» дара ракәызшәа, ргәала рызцәыргомызт. Абар, уиижьҭеи 60 шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит. Аха ишырҳәо еиԥш, зегь ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп, аамҭагьы аҽаԥсахуеит. Ҳаргьы аԥсуаҵас ааӡара ҳамоуп ҳабшьҭра реиԥш. Хаҭала, сара сгәаанагарала, аиаша шиашоу еилкаахароуп, ишырҳәо еиԥш «Ма аҵыс иаҳәап, ма аҳәыҳә иаҳәап!»
Сабду идунеи иԥсаххьеит, уи ираӡны маҟа уаара иганы нас мыцҳәарала изтәызтәызгьы иԥсҭазаара далҵхьеит. Саб Беслан дҽыбӷаҟазан, аԥсуаҵас иҽырхәмарра акыр иаԥсан, аха иаб ираӡны маҟа ӷьаз-ӷьазуа ҳгәылацәа «дара рабду иҭынхазшәа» ианныҟәыргоз, иахьагьы атәым, аԥсҭынха ианаҵаҽырбо, саб, иаб ираӡны маҟа ала дҭамԥшкәан дымҩасит.
Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, аԥсуараҿы иаԥу ԥҟарақәак: ажәытәан, иара иахьагьы араӡны маҟа, хаҭала, ауаҩ ихылҵ даныҟоу, уи абиԥарала, абшьҭрала еимырдоит, усҭ ҳәа иақәшәалак баша аӡәгьы ирҭомызт, араӡны маҟа– анхамҩа бзиа иаҩсуа ахә ршьон ажәытәан, иахьагьы аҳаҭыр змоу, акрызҵазкуа ҳамҭаны иԥхьаӡоуп.́
Ҷыдала, «иԥсҭынхоу аҷан» еиҳагьы ҳаҭырла иазыҟоуп. Иаҳҳәап: уи аӡәы ҳамҭас ирҭозар, ауаа адгаланы, аргама, ауаа ирбо-ираҳауа, ачара уны ҳаҭырла ирҭон, иара убас, ҳамҭас изырҭозгьы ачара уны идикылон. «Ашылаԥсахра» анеимырдо еиԥш, «ихәыларцәаны», ас еиԥш акрызҵазкуа аҳамҭа еимырдаӡомызт.
Ҳәарада, агәыла дқәыланы имӷьычӡеит, аха уи аҵкыс иеицәоуп асала ахымҩаԥгашьа. Сара сгаанагарала, агәнаҳа ду даҵалеит, уи агәнаҳа идамрагьы иҭеигалеит, аха иҭаацәагьы агәнаҳа иаҵеиҵеит… Аԥсы иҷан ас азныҟәара, иахьыртәыртәыз ацәыԥхашьара ахәҭоуп. Анцәа иџьшьаны, уи иахаану аҭоурых аиаша здыруа аӡәырҩы рыԥсы ҭоуп. Макьанагьы ихьшәам акрызҵазкуа, аха иахьагьы «иҵару» ахҭыс ариашара, амҩақәҵара.

А. Хәырбыцԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me