Усоуп дара рзы абжьааԥынгьы амчыбжь ҿыц шалаго. Иҳаҩсыз амчыбжь азы иреиӷьыз ҳәа иалкааз аҵаҩцәа ааԥхьан аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхрахь.
Уи иаԥсахеит Данил Шьакаиеи Мрамза Ҭарԥҳаи. Анаҩс, аҵара-ааӡара аҟәшазы адиректор лхаҭыԥуаҩ Басхан Чачхалиа аҽхәабӷьыц ранашьаразы иааиԥхьон алицеи аҿы зуадақәа еиҿкааны иахылаԥшуаз, иара убас аспорттә еицлабрақәа рҿы зҽалызкааз. Ацәаҳәаҿы ахәыҷқәа шәаҳәеит, икәашеит, асааҭ жәаба рзы игеит аҵәҵәабжьы, аҵаҩцәа зегьы рыклассқәа рахь иназыԥхьаз.
Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә лицеи-интернат сынтәа 65 шықәса ахыҵуеит. Иара аҭоурых ду амоуп, аҵараиурҭа ашьаҭа алыркит, раԥхьатәи адиректорсгьы даман Леила Ачба. Иахьа алицеи дахагылоуп Лариса Қапԥҳа. Лариса Валикәа-иԥҳа уи даушьҭымҭоуп. Лажәақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, алицеи аусура иалагеит иҭахаз аибашьцәа рхәыҷқәа рыдкыларазы.
«Аԥхьа ирҭахын аҟыбаҩ змоу, алԥшаахқәа рыдыркылаларц, аха ус еиԥш изыҟамлеит. Иара уажәгьы, есышықәса ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩхоит. Аинтернат ада ԥсыхәа змам аҭаацәарақәа ыҟоуп. Аҭаацәа аус рымур ауам, рхәыҷқәа абра мчыбжьык иахьабо, дара рзы ицхыраагӡоуп», - лҳәоит Қапԥҳа Лариса.
Аинтернат иаднакылоит ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа рҟынтә, иара убас ма зан, ма заб дыҟам, уҳәа ацхыраара зҭаху зегьы, атәым милаҭқәа инадыркны. «Дызмилаҭзаалакгьы ахәыҷы аҵара иҵартә еиԥш аҭагылазаашьа имамзар, ҟалашьас иамоузеи. Уи азы, зегьы арахь иадыԥхьаланы, ахылаԥшра рыҭаны, ргәабзиара ҳацклаԥшны, ирылшо дырҵо ҳааиуеит. Аҵаразы дхьысҳазаргьы, ара аус зуа акружокқәа рацәоуп азы, џьарак ихы ааимырԥшыр ауӡом», - лҳәоит алицеи аиҳабы.
Иахьазы араҟа аҵара рҵоит 193-ҩык ахәыҷқәа. Еиҭа иаарц зҭаху рацәоуп, аха ахыбра 250-ҩык рышьҭаларҭатә ҭыԥ роуп иамоу. Бжьаратәла есышықәса алицеи аҿы аҵара рҵоит 226-ҩык рҟынӡа. Араҟа аԥсҭазаара еилашуеит шьыжьы инаркны уаха асааҭ жәаба рҟынӡа.
«Ахәыҷы усда данаанха, дыбналар ауеит, ма даҽа грак ҵигар алшоит. Абра ижәбо абаҳча, жәашықәса раахыс ахәыҷқәа рнапала еиҭаҳау ашәырҵлақәа иахылаԥшуа иааргоит. Аҵлақәа зхала аҩнынтә иаазгаз дубап, аботаникатә баҳча аҟынтә иҳарҭазгьы ыҟоуп. Ари иднарҵоит ахылаԥшышьа, ааӡашьа, аџьа абзиабара. Даргьы рыбаҩ иацәаашьаӡом, ақыҭа иадҳәалоу роуп аҟынтә, иашьцылан иҟоуп. Алицеи адгьылҵакыра зегьы рхны, рнапала идырԥшӡоит, уи адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам», - еиҭалҳәоит Лариса Валикәа-иԥҳа.
Алицеи аҿы аус руеит аспорттә секциақәа ԥшьба. Ахәыҷқәа формала еиқәыршәоуп, аинтернат иацхраауа аушьҭымҭацәа рыбзоурала. Ааигәа араҟа иаартын анапылампыли амҵәышәымпыли рыхәмарырҭатә дәы. Аинтернат аҿы иҟоуп аҳәыҳә ааӡарҭагьы. Иара аибашьраан Лаҭа иҭархаз авертолиот иҭаблыз ахәыҷқәа х-ҩык рыхьӡала иаартын. Аҳәыҳәқәа риҭеит Роланд Гамгьиа. Урҭ акрырҿазҵо, ирхылаԥшуа ахәыҷқәа ҷыдала иалхуп. Роланд урҭ агәыӷра риҭеит, аветеринар изанааҭ ала аҵара ишҭаиҵо азы, ахәыҷқәагьы уи иазыԥшуп.
Акадрқәа рыла иахьазы алицеи еиқәшәоуп, аха еиҳарак зыԥшаара цәгьоу ахылаԥшыҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа роуп. Ацәарҭатә хыбраҿы иҷаԥшьоит ааӡаҩ ицхырааҩцәа. Уаҟа иаҭахуп аилыргаҩцәагьы. Аҵара-ааӡара мариам, ауалафахәгьы маҷуп азы, зусура аанзыжьуагьы дубап. Уахынла алицеи аҿы иаангылоит быжьҩык рҟынӡа ааӡаҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи, иара убас амедиаҳәшьеи.
Амш актәи азбжа араҟа аурокқәа цоит, шьыбжьон акрыфаны ахәыҷқәа аҩныҟатәи адҵақәа рынагӡара иалагоит. Ааба рзы еиҭа акрыфаны, доусы иалихыз аспорт ахь дцоит. Ашкол адиректор лажәақәа рыла, ахәыҷқәа зегьы даара бзиа ибаны иныҟәоит аџьауси асахьаҭыхреи еидызкыло акружок ахь. Уаҟа ахәыҷқәа анаплыхқәа ҟарҵоит. Арҵаҩы Илона Гәарамиа аурок анлымоу ахәашаҽноуп, ахәыҷқәа аҩныҟа ицароуп, аха убри аҟынӡа рҽагәылахаланы рус иаҿуп, иаангыларгьы цәгьа ирбарым. Алицеи ааӡаҩцәа рнапкымҭақәа ахьыҵәаху хазы ауада азалхуп, уи амузеи ҳәа иашьҭоуп. Араҟа икыдуп аинтернат иалгахьогьы русумҭақәа. Алицеи аҵаҩцәа ирнапкымҭоу аҵарақәа рылоуп ишырхиаз Гәыма иргылаз «Ашанаҵла». Афондқәа «Кьарази» «Ашанеи» еицымҩаԥыргоз акциазы иаҟаҵан хәышә цыра аԥсаӡ иалатәаз аҵар. Иҟан аамҭақәа ахәыҷқәа русумҭақәа анырҭиуазгьы, нас идырҳауаз ала еиуеиԥшым амаҭәахә аархәон.
Алицеи аиҳаби ҳареи ҳаиманы аклассқәа рахь ҳҿынаҳхеит, аурокқәа шцо аилкааразы. Ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоуп аиҵбыратә классқәа. Ауадақәа рышәқәа ахьаарту убап, убысҟак ҭынчроуп акоридор аҿы.
Аинтернат аҿы аҵыхәтәантәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуан 18 шықәса раԥхьа. Уи аахыс араҟа шьаҭанкыла акгьы аҽамԥсахӡацт. Аҳәынҭқарра ахахьы иагаз маҷым, иагьынанагӡоит, лҳәоит аҵараиурҭа аиҳабы.
«Хьаас исымоу, ацәарҭатә комплекс аҿы арԥхарратә система макьана иахьыҟаҵам ауп. Иагқәоу ааргараны иҟоуп, ҳазыԥшуп. Ахьҭақәа ҟалаанӡа иаҳзеиқәыршәар, сгәы ҭынчхон. Алашара аныцәо аԥхаррагьы зыҟалаӡом, аха фымцада иакуа алашарбагақәа ҳамоуп», – еиҭалҳәоит Лариса Капԥҳа. Убри аан ҳамҩа акрыфарҭахь ихоуп. Уаантә илаҳа-лаҳауа афатә афҩы ааиуан.
«Ахәы аныҟаҳҵо ахәыҷқәа ҳразҵаауеит ирҭаху, аха зегь реиҳа бзиа ирбо аҟәыди абысҭеи роуп. Мчыбжьык ахь знык уигьы рзыҟаҳҵоит. Иахьа аборшь ҳамоуп, атефтельқәа рзы афарш ҳархиахьеит, уи иадыркыло макьана иаҳмыӡбаӡац», - еиҭеиҳәоит Иосиф.
Афатә арахь ирзааргоит мчыбжьык ахь знык. Акәаци акәтыжьи еснагь иҟоуп, иара убас ашәырқәа. Иааидкыланы хәыҷык ихәы - 230 мааҭ азыԥҵәоуп. Сосо ихаҭа аинтернат даушьҭымҭоуп, иабгьы акрыфарҭа еиҳабыс дыҟан. Ахәыҷқәа ргәыбылра шыктәу ибзианы идыруеит, ихаҭа уи дахысхьеит азы. Уахынла аҵаҩцәа аԥенџьыр аартны ирзаанижьуеит, нас рхала иҩналаны афатә ҟарҵоит. «Имариоу ак ҟарҵоит - акәтаӷь рџьуеит, ма акартош. Мап зларцәукри? Нас зегь рыцқьаны ицоит, ахаан ак ԥырҽны ҳәа исгәалашәом. Рыгәра ганы афатә ахышьҭоу аҭыԥ ацыԥхагьы рысҭоит. Уаха асааҭ ааба рзы акрыфан, жәаба рзы ишьҭалароуп, аха иззымхогьы дыҟоуп», -иҳәоит Сосо дԥышәарччо. Ахьҭеи амлеи иакуа ахәыҷқәа зыцәом, уи еилыркаауеит алицеи анапхгарагьы.
Акрыфарҭа ҳаадәылҵны ашкол ашҭахь ҳшааиуаз, ацәаҳәа аҟынтә иаҳдыруаз арҵаҩы Басхан Чачхалиа ахәыҷқәа идеизалан аԥсшәа иарҳәон. Зынӡа имаҷӡаз аӡӷаб лнап хәыҷқәа икәаршаны дылкын, акыраамҭа даулыжьуамызт. Ари збаз ҳара ҳшанханы ҳаԥшуан. Акырынтә исаҳахьан, алицеи аҿы иҟоу аизыҟазаашьа ҷыдарак амоуп ҳәа. Уажәы уи лабҿаба избеит.
Ара аус зуа зегьы рыҩны иҟазшәоуп ишыҟоу, рус еилырхӡом, «суалафахәы иақәнаго мацара ҟасҵоит» ҳәа ара иауӡом. Ахәыҷқәа рҭаацәаратә ҭагылазаашьа, ҳәарада, ирныруеит. Иҟоуп ахәыҷқәа ашкол ахь имныҟәо, урҭ аҩны иреиҵбацәоу рбароуп азы. Дара асоциалтә усзуҩцәа рҟынтә ахылаԥшра рымоуп еснагь. Рҭаацәа ирзасуеит, иахьыҟоу еилыркаауеит. Алицеи иҭоуп иара убас, акризистә центр аҿы инхо ахәыҷқәагьы. Урҭ рыԥсшьарамшқәа ахьырхырго уаҟоуп.
«Злеишәа цәгьаны ҳазмыхәо ахәыҷы дыҟаӡам ара. Ҳәарада, иҟоуп ихԥароу, аха иҟарҵараны иҟоу дара раԥхьа ҳара иаадыруеит. Зегьы ҳаилацәажәоит, ҳрылабжьоит. Ахәыҷқәа рҭаацәарақәа рахь ирымоу агәыбылра аанхоит иага игәаҟны инхозаргьы», - лҳәоит Лариса Капԥҳа ахәыҷқәа рҭагылазаашьа атәы далацәажәо. Зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа рзы аҵара аминистрра аҟынтә ахәыҷқәа ироуеит ашколтә форма. Аха зегь реиҳа иуадаҩу ашьаҵатәы ауп. Ахәыҷқәа ирышьарҵо анрымамгьы ыҟоуп. Алицеи хатәгәаԥхарала иацхраауа ауаа амоуп. Урҭ реиҳараҩык иара иалгаз роуп.
«Ҳхәыҷқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы иубоит, уи ҳаигәырӷьоит. Ҵыԥх 9-ҩык алгеит. Дара зегьы еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рахь ицоит. Иҟоуп 9 класск иалганы зҵара хзыркәшогьы. Урҭ реиҳараҩык ахәыҟаҵарахь рхы дырхоит, аҭыԥҳацәа анаԥхыц ҟаҵара, аҽырԥшӡара азанааҭ ашҟа»,– лҳәоит Лариса Валикәа-иԥҳа.
Аинтернат иалго ахәыҷқәа иахьнеилак ирыцхраауеит, ԥарада рҵара ацҵаразы аҭагылазаашьа рзаԥырҵоит. Имбжьыскәа рхы ныҟәырго рҭаацәа ианрывагыла, алицеи ааӡаҩцәа зегьы рзы уи еиҳау ҳамҭоуп.
Альбина Жьиба


