Ажурнал ахьаатуа ацәаҿы иануп еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аҭыжьымҭа анапхгаҩцәас иҟаз рфотосахьақәа (М. Аҳашба, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьениа, Гь. Гәыблиа, Н. Кәыҵниа, насгьы 2004 ш. раахыс аредактор хадас иҟоу А. Лагәлаа).
Аҭыжьымҭа аатуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ажурнал анапхгареи аредакциа аусзуҩцәеи рахь иҟаиҵаз адныҳәаларала. Риубилеи рыдырныҳәалоит иара убас Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа, Аҧсны абыргцәа Рхеидкыла, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет. «Аредактор хада иажәа» арубрикала икьыҧхьу А. Лагәлаа истатиа «Алашара зхылҵуа ажурнал» аҟны дазааҭгылоит уи знысхьоу амҩа.
«Алашара» аредакциа амаҵ азызуа ажурнал аиубилеи рыдырныҳәалоит ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, ауаажәларратә усзуҩцәеи рахьтә еиуеиҧшым абиҧарақәа рхаҭарнакцәа: Б. Барцыц, Д. Наҷҟьебиа, З. Гындиа, В. Бигәаа, Р. Қапба, Гә. Кәыҵниа, И. Гыцба, С. Ҳаџьым, Д. Габниа, В. Хәырхәмал уҳәа.
Апоезиа аҟәша еиднакылоит апоетцәа рабиҧарақәа рхаҭарнакцәа: Д. Гәлиа, Гь. Чачба, И. Коҕониа, Л. Лабахәуа, Л. Кәыҵниа, О. Беигәаа, Қь. Агәмаа, Ш. Ҵәыџьба, Гь. Гәыблиа, А. Џьонуа, А. Лашәриа, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, Ҷ. Џьонуа, И. Ҭарба, Кә. Герхелиа, М. Миқаиа, В. Аҵнариа, В. Ахьиба, В. Анқәаб, Кә. Ломиа, С. Ҭаркьыл, Џь. Тапаҕәуа, Р. Џьопуа, Е. Бебиа, В. Кәаҕәаниа, А. Лагәлаа, Гә. Кәыҵниа, Г. Сақаниа, З. Ҭҳаиҵыкә, И. Ҳаџьымҧҳа, Б. Барцыц, В. Касланӡиа, Г. Аламиа, Д. Чачхалиа, В. Занҭариа, С. Агындиа, В. Аҧҳазоу, Е. Ажьиба, М. Лашәриа, В. Амаршьан, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, Р. Смыр, Т. Ҷаниа, Р. Лашәриа, Т. Аџьба, Н. Ҭарҧҳа, А. Аџьынџьал, Н. Кәыҵниа, З. Кәарҷиа, В. Дауҭиа, Џ. Абыгба, Л. Тәанҧҳа, В. Ҷыҭанаа, С. Делба, И. Аҳашҧҳа, А. Чхамалиа, Д. Габалиа, К. Быҭәба, А. Ажьиба, А. Анқәабҧҳа, А. Гәынба, А. Аҟалҕьба, А. Ҷыҭанаа.
Апроза иаҵанакуеит аномер аҟны зажәабжьқәа анылаз ашәҟәыҩҩцәа: С. Ҷанба, И. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, М. Лакрба, С. Кәыҵниа, Шь. Аџьынџьал, А. Џьениа, Н. Ҳашыг, А. Возба, Д. Занҭариа, Ш. Ҷкадуа, Џь. Инџьгиа.
Уилиам Шекспир иҩымҭақәа «Генрих V», «Иули Цезар» аҧсшәахь еиҭеигеит А. Занҭариа.
Апублицистика ажанр ала аҭыжьымҭаҿы икьыҧхьуп ашәҟәыҩҩцәа А. Гогәуеи Д. Наҷҟьебиеи реиҿцәажәара «Уаҵәы уҳәарцаз – иахьа уҳәахьазароуп», Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В. Арӡынба иҟнытә Ҭали Џьапуаҧҳа иазлырхиаз аиҿцәажәара «Ҳбызшәа аҧеиҧш – ҳҳәынҭқаррагьы иаҧеиҧшуп».
Ажурнал ҩычоуп еиуеиҧшым ашықәсқәа ирыҵанакуа аҭоурыхтә ҵакы змоу афотосахьақәа рыла.


