Зхатә бжьы змаз

«Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыҩны» – ҳәа изышьҭаз, еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы: Иван Папасқьыр, Алықьса Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Шалуа Ҵәыџьба, Кәымф Ломиа, Нелли Ҭар-ԥҳа уҳәа ахьынхоз, инеиԥынкыланы акыр шықәсқәа ирҭагӡаны урҭ шынхоз зырҵабыргуа амемориалтә ӷәқәа ахькыдыз иаартхеит даҽа мемориалтә ӷәык.

Уи Аԥсны жәлар рпоет, иналукааша аԥсуа литература аусзуҩ, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу, зырҿиамҭақәа рыла аԥсуа литература зырбеиаз апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ, ашәҟәыҩҩы хатәра Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа 1993 шықәса инаркны, 2021 шықәсанӡа Џьонуа ихьӡ зху амҩаҿы игылоу аҩнгеихагылаҟны дшынхоз шьақәзырӷәӷәо амемориалтә ӷәы ауп.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла  абзоурала еиҿкааз ари аусмҩаԥгатә адгылареи  ацхыраареи  арҭеит Аҟәа ақалақь Ахадара.

Амемориалтә ӷәы аартрахь инеиз ауаа маҷмызт, урҭ рахьтә иҟан: ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  арҵаҩцәа, астудентцәа, Платон Бебиа иҭаацәа, иҭынхацәа.

Д.Гәлиа ипремиа занашьоу, еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба иҵаҩцәа ируаӡәку, абаҩхатәра злоу аскульптор ҿа Адгәыр Ҷкадуа авторс дызмоу амемориалтә ӷәы, апоет, апрозаик Платон Бебиа имаҭацәа ацаха анахырх ашьҭахь, апоет, ажурналист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, дазааҭгылеит Платон Бебиа илагала шмаҷым аԥсуа доуҳатә культураҿы, алитератураҿы.

«Знысымҩа ҭбаау, зырҿиамҭақәа баҟаны ҳаԥсуа литература иазынхаз Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа акыршықәсқәа дахьынхоз аҩны аҟны, амемориалтә ӷәы аартра аҭоурыхтә ҵак змоу хҭысуп» – иҳәеит уи.

«Платон Бебиа иажәеинраалақәа рыԥхьареи, ргәынкылареи даара имариоуп. Урҭ бызшәа мариала, бызшәа  цқьала иаԥҵоуп аҟнытә еихышәшәа ицоит, ажәеинрааланы мацара рыԥхьара акәымкәан ашәаны иуҳәартә еиԥш», – иҳәеит Платон Бебиа ирҿиара дазааҭгыло апоет, ажурнал «Аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа. Иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит апоет ихаҭарагьы шыҳаракыз. «Уи икәша-мыкәша иҟаз зегь ихьаан, зылаԥш хааз, еизадаз уаҩын. Иажәеинраалақәа,  ирҿиамҭақәа ирныԥшуан дызмырҭынчуаз, игәы иҵхоз, иҩнуҵҟатәи ихәыцрақәа, ицәаныррақәа» – иҳәеит уи.

Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, зырҿиамҭақәа бзиа еицырбо, Платон Бебиа иеиԥш иҟоу Аԥсны жәлар рпоет дшыҟаз, дшынхоз еиҵагыло абиԥара ҿа, ҳтәылахь имҩахыҵуа асасцәа ирбартә, ирдырыртә аҟаҵара акыр шаҵанакуа. «Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы, хаҭала, Аҟәа ақалақь Ахадара адгылареи ацхыраареи рыҭараҿы иҳалшо ҟаҳҵоит аԥхьаҟагьы» – иҳәеит уи.

Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа иқәгылараҿы дазааҭгылеит, Платон Бебиа ихаҭара иадҳәалаз игәалашәарақәа. Асахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, П.Бебиа имемориалтә ӷәы аҟаҵара анидыргала, абаҩхатәра злоу аҿар рнапы ианиҵарц шиӡбаз. «Аскульптор ҿа Адгәыр Ҷкадуа иабжьазгеит, сара  сихылаԥшууан ҳәарада, аха уи илшеит апоет ихаҿсахьа ҟазарыла аарԥшра», – иҳәеит уи.

Амемориалтә́ ӷәы аартра аиҿкааҩцәеи уахь имҩахыҵызи, хаҭала, амемориалтә ӷәы автор Адгәыр Ҷкадуеи уи знапхгараҿы аус иуа, аԥышәа змоу асахьаҭыхҩ хатәра Амиран Адлеибеи Бебиаа рыжәлантәқәа рыхьӡала иҭабуп ҳәа реиҳәеит академик Сергеи Бебиа.

Анаҩс, апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз агәаларшәаратә хәылԥазы иацҵан, И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны.

Уахь имҩахыҵыз «бзиала шәаабеит» – ҳәа раҳәо, Амилаҭтә библиотека аиҳабы  Борис Ҷолариа ажәа ииҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи дазааҭгылеит П.Бебиа ирҿиареи инысымҩеи  нарҭбааны.

«30-шәҟәы инарзынаԥшуа иҭзыжьхьоу, аԥсуа литература иаланагалаз иреиӷьу арҿиамҭақәа равтор Платон Бебиа ашәҟәыҩҩра  амацара даҿымызт, уи  еидибалон акырџьара еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҿы аусура  Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы акырџьара аус иухьан: ажурнал «Алашара», ахәыҷтәы журнал «Амцабз» уҳәа ҷыдала иазгәаҭатәуп иԥсҭазаара аӷьырак ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» ишадҳәалаз. Уи зны аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, нас акраамҭа  ашәҟәҭыжьырҭа  аиҳабыс.

Апоет, апрозаик, ишьҭа  ӷәӷәаны инижьит аԥсуа шәҟәыҩҩра аҭоурыхи ауаажәларратә усураҿи» – иҳәеит уи.

«Платон Бебиа иқәгылара ашьҭахь ажәа аҳәара уадаҩын, ажәеинраала аԥхьара  гәаӷьыуацәан. Уи  аганахьала иваҟәылоз, ицназгоз дыҟамызт. Иажәеинраалақәа  зегьы ҿырҳәала, ааҭгылара бзиала дрыԥхьон, иара убас аурыс поетцәа ражәеинраалақәа исахьаркны  ҿырҳәала дрыԥхьон», – иҳәеит, апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Анаҩс, уи  даԥхьеит, Аԥсны жәлар рпоет иԥсы анҭаз лассы-лассы дзыԥхьалоз ажәеинраала ссир «Адырганҵыхәа».

Аԥсны  ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа  ахантәаҩы апоет, апублицист Владимир Занҭариа иқәгылараҿы  дазааҭгылеит  раԥхьаӡа акәны, П.Бебиа дшибаз И.Коӷониа ииубилеи азгәаҭараан Аԥсуа драматә театр аҟны. Усҟан актәи акурс аҿы аҵара шиҵоз, дшстудентыз.

«Зхатә бжьи зхатә стили змоу, ажәеинраалақәа зыҩуаз, исахьаркны, ҿырҳәалагьы ирыԥхьоз, ажәа сахьарк азҟаза, зҿаԥыц бзиаз, аурыс поетцәа дуқәа иреикануаз, ирыҵамхоз, абаҩхатәра злаз поетын, прозаикын Платон Бебиа. Ҷыдала, аиҭагаҿы акәзар иџьабаа рацәоуп, ҟазарыла аԥсшәахь  еиҭеигахьаз аурыс  шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа маҷмызт.

«Ажәа аԥсы ахазҵоз, ажәа сахьарк иазҟазаз, ззыӡырҩра, зырҿиамҭақәа рыԥхьара гәахәараз апоет, ашәҟәыҩҩы хатәра хаҭала аамҭак сахьицаныз сара сзы инасыԥуп», – лҳәеит, апоет, ахәыҷтәы журнал  «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа-ԥҳа. Лықәгылара хыркәшо иазгәалҭеит, Платон Бебиа иеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы хатәра диижьҭеи 90 шықәса аҵра иҵегь инарҭбааны, Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәеи, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи алархәны имҩаԥгазар ахәҭаны ишылԥхьаӡо.

Агәаларшәаратә хәылԥазы аҟны лассы-лассы уахь имҩахыҵыз иддырбон П.Бебиа изкыз авидеонҵамҭақәа, уи иажәеинраалақәа дахьрыԥхьози иқәгыларақәеи рҟнытә ацыԥҵәахақәа.

Иара убас, ари ахәылԥаз аҟны, П.Бебиа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша астудентцәа. Иазгәаҭатәуп еихышәшәа ицо П.Бебиа иажәеинраалақәа акыр ишрылырххьоу, лассы-лассы аҿар ахьеизо агәырӷьарақәа рҟны  азхьаԥшра змоу, ашәақәа «Ачара ду», «Аҭаца» ирзыӡырҩыртә алшара ыҟан.

Имҳәакә́ан высшьа амам, П.Бебиа  аҭаацәа бзиа аԥҵаны  ишимаз, уи  иҭынхаз ихшареи  имаҭацәеи ҷыдала алитература, адоуҳатә культура ишазааигәоу.

П.Бебиа имоҭа ари ахәылԥаз аҟны даԥхьеит еицырдыруа иабду иажәеинраала «Иҟалозеи аҵыс ушьыр». Аҵыхәтәан Платон Бебиа иԥҳа Кама Бебиа уахь имҩахыҵызи ахәылԥаз аиҿкааҩцәеи иҭабуп ҳәа  раҳәо лықәгылара хлыркәшеит ажәеинраалала.

П.Бебиа авторс дрымоуп иара убас, ароманқәа: «Ашьацҳәа», «Ақьачақьцәа», иажәеинраалоу ароман «Ахаҳәраҳа».

Зырҿиара ԥсабаратәыз, иԥсҭазааратәыз Платон Бебиа ихаҭареи иажәеи ахааназ инхоит аԥсуа доуҳатә культураҿы, аԥсуа литератураҿы.

 

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me