Аҟәшақәа еиуеиԥшым аибашьратә ҭагылазаашьақәа раан аӷа мцала иҭархаразы рҽазыҟарҵоит.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп акоманда ҟаҵаҩцәа ахьынӡазыҟаҵо агәаҭара, арратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аплан ашьақәыргылара, иааиԥмырҟьаӡакәа ажәылара, арратә хәҭақәа аус рыцура.
Аҵаратә план инақәыршәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 7-18, 2025 шықәсазы.