Аԥсны аҳәса Реидгыла

Рацәак ҵуам ари ахеилак аԥырҵеижьҭеи, аамҭа кьаҿк иалагӡан имаҷым ирылдыршахьоу.

Аԥсны анҭыҵгьы ирбахьеит ҳтәыла хәыҷ ишамоу иаԥсоу аҭыԥҳацәа, ган рацәала здунеихәаԥшра ҭбаау Аԥсны аҳкәажәцәа. Уи аганахьала ҳтәыла жәынгьы-ҿангьы ихәыданы иҟамызт. Аиԥылара актәи амш аартуа, Аԥсны аҳәса рхеидкыла аиҳабы Викториа Хәырхәмал илҳәеит: «Ҳара ҳаидгыла аԥаҳҵеижьҭеи жәамз роуп иҵуа, аха ари аамҭа иҭагӡаны ҳцахьеит акырынтә Урыстәыла имҩаԥысуа аҳәса рхеидкылақәа рфорумқәа рышҟа. Дареи ҳареи аиҩызара цҳа ҳабжьаҳҵахьеит. Иахьатәи ҳаиԥыларагьы ҳара ҳтәыла ахьӡ аӡыргара  иацхраауеит».

Акраҵанакуеит ҳара ҳзы Урыстәыла аҳәса Реидгыла ахьаҳҭааз, уи Аԥсны аҳәса Реидгыла  аусура иацхраауеит, ихеибарҭәаауеит. «Астол гьежь» аҟны иааиз асасцәа ҳаҭырла илыдкыло Гули Кьычба ираналшьеит аҳамҭа ҷыдақәа, ажәахәқәа ҟарҵеит апоет, ажурналист ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, афонд «Ашана» анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа, Алхас Ҷолокәуа.

Аԥсны аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмал лықәгылараҿ иазгәалҭеит Аԥсны ахааназгьы аԥҳәыс иаанылкылоз ароль  шмаҷмыз. «Милаҭрацәала еилоу Аԥсны аҳәса ҵыхәаԥҵәара змам амчи, арҿиаратә гәацԥыҳәареи, агәцаракреи рыла аус руеит ақыҭанхамҩа аганахьала, урҭ рылукаауеит абизнесаҿ, арҿиараҿ, аҭҵаарадырраҿ уҳәа ганрацәала ахаҵамԥҳәысра аадырԥшуеит», – лҳәеит лара.

Аҵыхәтәан иналкааны илҳәеит: «Ҳара иаҳҭахуп ҳусуреи, ҳгәазыҳәарақәеи  шынеибаку рыцеиҩаҳшарц ҳаҭыр зқәу Урыстәылатәи, Белоруссиатәи  ҳколлегацәеи, ҳпартниорцәеи. Уи ҳацызҳәо, иҳадгыло, Аԥсны аҳәса рацәаҩӡоуп».

Аԥсны аҳәса Рхеилак имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә аҩбатәи амшаз ирылацәажәан акымкәа-ҩбамкәа азҵаарақәа.

Аиԥылара аартуа, Викториа  Хәырхәмал ажәа лылҭеит Урыстәыла аҳәса Рхеидкыла  абжьагаҩ Надежда Аленина, уи илҳәеит: «Ҳара аԥсуа ҳәсақәеи, аурыс ҳәсақәеи иҳамоуп ҳаидызкыло рацәаны, уи раԥхьаӡа ауаҩы  изинқәа рыхьчара, иԥсҭазаара, ибзазашьа аиӷьтәра ауп, ацхыраара зҭаху дгәаҭаны ивагылара». Татиана Ромашкина лықәгылараҿы дазааҭгылеит русура атәы, насгьы Аԥсны аҳәса Рхеилаки дареи реимадара «Сара жәашықәса ҵуеит ари аусура садҳәалеижьҭеи, Москва, Краснодар, Шәача имҩаԥысуа аҳәса Реидгылақәа русура ҳалагылоуп, урҭқа зегьы  иурҭо рацәоуп, ирҿуҵааша акрыҟоуп, ҳара гәахәарыла ҳҽалаҳархәуеит шәусмҩаԥгатәқәа зегьы, ҳаицхыраалап. Иҳамоуп Аусԥҟа  замана. Ҳара  еиҿаҳкааит «Сочинскаиа весна» зыхьӡыз апроект, уи иаднаԥхьалеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Регионцыԥхьаӡа иалхуп ахаҭарнакцәа. Шәаргьы ишәылшоит усеиԥш  еиҿышәкаар», лҳәеит.  Иҟаҵан ирацәаны ажәахәқәа, азеиӷьашьарақәа, алкаақәа. Насгьы  уи иалахәыз зегьи ирыман алшара доусы русураҿы иалкааз ахҭысқәа авидеонҵамҭала дырбара. Ажәахәқәа ҟарҵеит иара убас асасцәа:  аспикер  Ирина Морозова,  Анна Иваненко, Мариа Афонина, Ирина Сербина.

Аԥсны аҳәса Реидгылеи уи иаҭааз Урыстәыла аҳәса Рхеидкылеи ахԥатәи амшазы идикылеит Аԥсны Ахада. Уи иҳәеит Урыстәыла аҳәса Реидгылеи Аԥсны аҳәса Реидгылеи русеицура акыр  шрыҵанакуа дара рзы.

Аҵыхәтәаны иаҳҭахын иалаҳкаарц Аԥсны аҳәса Реидгыла аамҭа маҷк иҭагӡаны ирылдыршаз аусқәа реихшьала иаазыркьаҿны:

Март 6, 2025 шықәсазы усҟантәи аҵарадырра аминистр  Инал Габлиа ицхыраарала  Аԥсны аҳәса Реидгыла акультуратә платформа «Гума» аҟны имҩаԥган жәларбжьаратәи аҳәса Рымш март 8 иазкыз аусмҩаԥгатә, абри амзазы инақәырццакны имҩаԥган Аԥсны артистцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьара. Апрель мза 2025 шықәсазы рҽаладырхәит Шәача имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аҳәса рфорум «Сочинская весна». Апрель 29 рзы атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иҟаиҵаз ацхыраарала Џьгьарда ақыҭан имҩаԥыргеит акультура-рҿиаратә еиԥылара «Мир придуманный нами». Август 14 2025 шықәсазы. Аԥсуа телехәаԥшра адгыларала еиҿкаан ателецҳа «Республика Абхазиа – страна души, Республика Сербская страна воли».

Абасала, тәамҩахә рымам ноиабр 25 2024 шықәсазы еиҿкааз «Аԥсны аҳәса Реидгыла», ирзеиӷьаҳшьоит  аԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me