Анаҩс имҩаԥган аныҳәатә концерт.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҿы иаҵшьны иазгәеиҭеит, раԥхьатәи ари аиааира ду ажәлар ргәы шышьҭнахыз, аӷа игәҭакқәа ракәзар ишеиԥнаҟьаз.
«Ари амш аҵакы ахә ашьара уадаҩуп – адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьы иднарбеит аԥсуаа рхақәиҭразы рхы ишамеигӡо.
Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Гагра ахақәитәра зхы ақәызҵаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, урҭ ргәаларшәара наӡаӡа иҳацзаауеит! Рфырхаҵара аҿаԥхьа ҳхы ларҟәны, иԥшьоу руалԥшьа наҳагӡоит, иззықәԥоз рус иацаҳҵоит »– аҳәоит адныҳәалараҿы.