Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара 32-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә парад мҩаԥысит Аҟәа

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи аҟәшеи, Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә бареи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа аныҳәатә парад иқәсит.
Апарад напхгаҩыс даман атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Апарад иалахәын 700-ҩык инареиҳаны аруаа.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me