Ахыбрақәа рҭоурых амырӡразы

Хара имгакәа апроект «Аҟәатәи амодерн» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь аҿы игылоу амодерн аамҭа (аепоха) иаҵанакуа 19 ҩны рҿаԥшыларатә ганқәа рҿы аԥсышәала, урысшәала, иара убас англыз бызшәала иҩу, иара убас ахыбра аҭоурых азы еиҳа инарҭбаау аинформациа узҭо аудиогид ахь уназго QR-кодқәа рыла еиқәыршәоу аинформациатә ҭыӡҩырақәа шьақәдыргылоит, – адырра ҟанаҵоит ателеграм-канал «Окно».

Афонд «Амшра» адгыларала ҩышықәса инеиԥынкыланы зынагӡара мҩаԥысуаз апроект «Аҟәатәи амодерн» («Сухумский модерн») ақалақь архитектуратә ҭынха аилкааразы акыр зҵазкуа етапны иҟалеит.  Уи аԥшьгаҩцәа, архитекторцәа  Сабина Агрба, Лана Чхьынџьериа, адизаинер Арина Ҷкадуа, рыкәша-мыкәша еидыркылеит асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, аҭҵааҩцәа иҿыцу рабиԥара ахаҭарнакцәа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган  амодерни аҭоурыхтә ҵакыра аиқәырхареи ирызку алекциақәа, ацәыргақәҵақәа, аҟаза-классқәа, аквестқәа.

Афонд «Амшра» ацдиректор Елона Турааԥҳа аинформациатә ҭыӡҩырақәа рышьақәыргыларазы аԥшьгара шцәырҵыз атәы дахцәажәеит:

«Ҳара насыԥ ҳаман иџьоушьаша аԥшӡара – ԥсабарала еиԥш, архитектуратә ԥшӡара ҳагәҭылакны анхара. Аха ас еиԥш аԥшӡара аҿы анхара – уи ухаҭа узы еиԥш, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рзгьы ахьчара ҭакԥхықәраны иудлоит. Рыцҳарас иҟалаз, ари ахшыҩҵак анырзеилымкаауагьы ыҟоуп, уи аҩызагьы уԥылоит. Убри азоуп апроект «Аҟәатәи амодерн» аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа изагәаҳҭо. Уи абар шьҭа шықәсқәак инеиԥынкыланы акыр аџьабаа адбаланы анагӡарала, ақалақьуаа реиԥш, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи иҳамоу аҭынхазы адырра рызнагара ҳаҿуп.  Уи иаҳгәаланаршәоит шаҟа иуашәшәыроу ари аҭынха, шаҟа аиҷаҳара аҭахны иҟоу, уи аҩыза ашанс уаҳа ишаҳмоуа атәы».

Елона Тураа ҷыдала иҭабуп лҳәеит апроект авторцәа Лана Чхьынџьериаԥҳаи  Сабина Агрԥҳаи иарбоу аус гәыкала иахьазнеиз, ирбаз аџьабаа азы.  Ҷыдала лара дылгәалалыршәеит «наунагӡа ари апроект ԥсыс иахазаауа» изаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Таиа Гьаргь-иԥҳа Аланиа.

Апроект анагӡара алыршахеит афонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Афонд «Амшра»  – акыр шықәса инеиԥынкыланы афонд аԥҵаҩы Беслан Родион-иԥа Агрба ибзоурала иааиԥмырҟьаӡакәа асоциалтә аԥшьгарақәа адгылара азҭо уаҳа здаҟам аԥсуа фонд ауп.

«Раԥхьаӡа аԥсны ихацыркхо ари апроект Аҟәа ақалақь ала иалагоит. Ақалақь аҿы игылоу амодерн аамҭа иатәу 19 ҩны рҿаԥшыларатә ганқәа рҿы аинформациатә ҭыӡҩырақәа шьақәыргылахоит. Ҳара даараӡа ҳақәгәыӷуеит шәкыла Аҟәа ақалақь аҿы еиԥш, ҳтәыла егьырҭ ақалақьқәеи рҿы иҟоу архитектура абаҟақәа шьҭа аҭыԥантәи анапхгаратә структурақәеи зҭоурых згәы азыбылуа атәылауааи  иҟарҵо адгыларала иахәҭоу ахшыҩзышьра роуп ҳәа», – инаҵшьны иазгәалҭеит Елона Тураа.  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me