Иарбоу аобиектқәа реиҭашьақәыргылара иабзоураны араион ауааԥсыра аӡыржәтә ала реиқәыршәара аганахьала ицәырҵуа апроблемақәа реиҳарак ӡбахоит.
«Иахьа шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгара 2013 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылаз аӡыҭгагатә станциақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит.
Иахьа ҳҿаԥхьа зҭагылазаашьа уадаҩу иарбоу аобиектқәа еиҭашьақәыргыланы аусура ралагалара хыдҵаны иқәгылоуп. Аобиектқәа рсоциалтә ҵакы ҳасаб азуны, реиҭашьақәыргылара азҵаара ҳара ҷыдала ахылаԥшра аҳҭоит», – иҳәеит шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.