Амемориалтә ӷәқәа кыдҵахоит

Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьани Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Маргарита Ладариеи ргәалашәара анаӡаӡатәра иазкын ииуль 31 азы имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәара мш аусхәаԥштәқәа ҩ-зҵаарак.

Азҵаара ахәаԥшра дахцәажәауа, ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иҳәеит ақалақь ахадареи аизареи рахь ашәҟәқәа шаарышьҭыз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Расоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректор Алеко Гәарамиа, Л.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә инатитут аиҳабы Арда Ашәба. Урҭ аҳәара ҟарҵеит Амаршьани Ладариеи ахьынхоз аҩнқәа рыҭӡы аҟны амемориалтә ӷәқәа кыдҵазарц.

Витали Амаршьан – еицырдыруа аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы, аԥсуа литература иалеигалеит хәызмаӡам арҿиамҭақәа – ажәеинраалақәа, апрозатә ҩымҭақәа, иара дравторуп аҭоурыхтә романқәа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Амаршьан ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара, Дмитри Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭпремиа далоуреатуп.

2014 шықәсазы зсахьаркыра ҳараку арҿиамҭақәа раԥҵаразы, жәлар рырҿиара аганахьала илшамҭа ҷыдақәа рзы Витали Амаршьан «Аԥсны жәлар рпоет» ҳәа ахьӡ ихҵан.

Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа –афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу.

Маргарита Глеб-иԥҳа – Аԥсны мацара акәымкәа, хараӡа уи анҭыҵгьы Тургенев иҩымҭақәа еицырдыруа рыҭҵааҩы лоуп. 1954 шықәсазы И.С.Тургенев ироман «Аламҭалазы» атемала акандидаттә диссертациа лыхьчеит, 1984 шықәсазы акәзар – «И.С.Тургеневи XIX ашәышықәсазы Франциа ашәҟәыҩҩцәеи» атемала илыхьчеит адоктортә диссертациа.

Маргарита Глеб-иԥҳа лырҵаҩратә усура зегьы мҩаԥысуан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, анаҩсан Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны. 1985 шықәса инаркны лыԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра деиҳабын.

Адепутатцәа еицҿакны аӡбамҭа рыдыркылеит Витали Амаршьани Маргарита Ладариеи ахьынхоз аҩнқәа рҟны амемориалтә ӷәқәа ркыдҵаразы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me