Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәеи шықәсарацәалатәи ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
Аҳашба Беслан Гьаргь-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра Арратә хәышәтәырҭа хада аҳақьым-апсихотерапевт;
Барсумиан Алиса Альберт-иԥҳа – «Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭа хада афункционалтә диагностика аҳақьым;
Гәаланӡиа Алиса Константин-иԥҳа – «Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҳақьым - апедиатр;
Зарандиа Нелли Гьаргь-иԥҳа – аҳақьым-атерапевт, «Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа хада» атерапиатә ҟәша аиҳабы;
Кәылаа Галина Нои-иԥҳа – Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №1 аҳақьым-терапевт;
Сепиан Артур Генрих-иԥа – Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ахәыҷтәы анестезиолог-реаниматолог;
Суходски Андреи Борис-иԥа – «Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҳақьым-оториноларинголог;
Ҭарба Нона Мамиа-иԥҳа – аҳақьым-терапевт, «Галтәи араионтә хәышәтәырҭа хада ақыҭатә гәабзиарахьчаразы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ;
Тапаӷәуа Лариса Руслан-иԥҳа – "Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҳақьым акушер-гинеколог;
Хәаџьаа Марина Мамиа-иԥҳа – Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым-апедиатр.