Ҭхьынатәи аҵабырг

Иацаҳҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Николаи Шамба иԥсы анҭаз ииҩуаз аматериалқәа рҟынтәи анҵамҭақәа.

Уажәы аԥхьаҩ идаҳгало анапҩымҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аамҭақәа ирызкым, аха аԥхьаҩ изы даараӡа аинтерес зҵоу афактқәа аныԥшуеит. Зегьы ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит, хымԥада ҳахәаԥшхьеит Фазиль Искандер иҩымҭа ала 1989 шықәсазы иҭыхыз, Иури Кара режиссиорс дызмоу афильм «Чагьамтәи Сандро». Уаҟа иаагоу асиужет Нестор Лакоба ахәыҟаҵаҩ ихы акәтаӷь ықәыргыланы дахьеихсуа аҭоурых ахьынтәаауа Ҭхьына ақыҭа аҟынтәи ауп ҳәа зыршаҳаҭуа афактқәа ануп аветеран инапҩымҭақәа рҟны иҳамԥыхьашәаз анҵамҭа. Иара ҩуп урысшәала. Автор инапҩымҭа ишиашоу аԥсшәахь еиҭаганы ишәыдаагалоит.
Ари ҟалеит 1920 шықәсазы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Ҩыџьа арԥарцәа Думааи Шамааи ирхаҭарнакцәоу уаҩы иимбара ахҭыс ҟарҵеит. Уи акыраамҭа иџьашьо ақыҭауаа инеимда-ааимдо еибырҳәон, такәаамҭагьы ирхашҭуамызт. Ари ахҭыс аӡбахә наӡеит Нестор Аполлон-иԥа Лакоба иҟынӡагьы. Иара иҳәеит «дызусҭада акәтаӷь ихы иқәыргыланы жәахә шьаҿа бжьаны зҩыза ихысра иазыԥшыз» ҳәа. Уи ауаҩ Думаа Иакуб иакәын, дхысуан Хәыршьыҭ Шамба. Арҭ арԥарацәа еиҩызцәан еигәылацәан.
Абарҭ ахҭысқәа шаҳаҭра рзызуа дреиуоуп зхы-зыхшыҩ аҭыԥаҿ иҟоу 1894 шықәсазы Ҭхьына ақыҭан ииз, иааӡаз Нестор Думаа. Уи излаиҳәаз ала, арҭ аҩыџьа даараӡа еизааигәаз еиҩызцәан. Ақыҭа еизара аҟны, аӡәгьы ажәак иамҳәаӡакәа ажәлар дыршанхеит. Иакуб Хәыршьыҭ дахьгылаз аҟынтәи жәохә шьаҿа ааишәан ихы акәтаӷь нықәыргыланы ихысуаз иахь иҿы нарханы днагылеит, ухыс иҳәеит иҩыза иахь, игеит ах­ысыбжь. Иакуб ихы иқәгылаз акәтаӷь нықәиҵҟьааит, ихахәы иԥҽыз акәтаӷь агәы налататеит, уи ашьҭахь, аиҩызцәа еибарччо акыраамҭа ирзалхуамызт Иакуб ихахәы иалататаз. Ақыҭа еизара иалахәыз аиҳабацәа, иара убас рыжәлантәқәа арҭ аиҩызцәа иҟарҵаз азы иахьгәамҵуаз дара арччон.
Аиҩызцәа аԥхьаҟа рлахьынҵақәа хазхеит. Урҭ рҩыџьагьы ишыхәыҷыз еиҭымцәан. Иакуб ақыҭараҿы даанхеит. Хәыршьыҭ иакәзар, диасит нхара Баҭымҟа. Уаҟа ԥшькласск дрылгеит. Идырун х-бызшәак: аурыс бызшәа, аҭырқәшәа, абырзен базшәа. 1921 шықәсазы аҭаацәара далалеит. Рразҟы еиларҵеит Назиа Кәыҵниаԥҳаи иареи. Ирыхшеит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥҳацәа – Лили Зинеи, рԥа – Анатоли. Рыԥҳа аиҳабы Лили лҟынтәи рмаҭацәа: Нателла Акаба, Жорик Акаба, рԥа Анатоли иҟынтәи Игорек Шамба.
Думаа Иакуб иакәзар, иԥазаҵә Ипполит имоуп хҩык аԥацәа, дабдухахьеит. Ипполит иаб даныԥсуаз ихыҵуан ԥшьышқәса. Уи усҟантәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан чарҳәарыла иҭаркыз дреиуан. Иԥсҭазаара далҵит Аҟәатәи абахҭаҿы 1936 шықәсазы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ҭхьына.
Абарҭқәа рышьҭахь иаарласны Москва дҭаркит Хәыршьыҭ Шамба иҩыза ихьчараз дахьгылаз азы. Сталин ихаантәи ашықәс еиқәаҵәақәа рџьамыӷәа цәгьа ихганы 20 шықәса рышьҭахь Хәыршьыҭ дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Аха ихы ахьныҵаикуа ҳәа акгьы имамкәа иааимаз зегьы имхны ирҭихьан. Убарҭ аамҭақәа сырхаануп абарҭ ацәаҳәақәа равтор Николаи Шамба.
Ҩеижәа шықәса рышьҭахь зыԥсы ҭаны ихынҳәыз Хәыршьыҭ иҩыза гәакьа иҷкәын заҵә Ипполит дихаимыршҭӡеит. Еиқәшәеит, еицәажәеит. Еибырҳәеит Хәыршьыҭ нхара ҳәа Гаграҟа дшиасуа. Аха абраҟагьы иразҟы иеижьеит Хәыршьыҭ. Реиқәшәара ашьҭахь иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Абас рлахьынҵақәа шьақәгылеит ҩыџьа аиҩызцәа аигәылацәа, еишьцәак реиԥш еибабоз Иакуб Думааи Хәыршьыҭ Шамбеи.
Акьыԥхь иазлырхиеит
Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me