Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аконкурс рылаҳәоуп
Аԥсны акультура Аминистрра Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабрақәа ишрылаго рыланаҳәеит.
Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш, амузыка абзиабаҩцәагьы. Ирыдыркылоит џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа.
Аусумҭақәа жьҭаарамза 1, 2025 шықәса аҟынӡа аелектронтә цҳамҭа ала инашьҭызар ҟалоит, мамзаргьы хаҭала акультура Амнистррахь инаргар алшоит.
Аиааира згаз – амузыкеи ажәақәеи равторцәеи анагӡаҩи аԥаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранашьахоит, иреиӷьу арҿиамҭақәа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ишықәс ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аан инарыгӡоит.
Аӡбаҩцәа реилазаара апрофессионалтә музыкантцәа рыла ишьақәгылазаауеит.
2025 шықәса ареспубликаҿы Владислав Арӡынба Ишықәсны ирылаҳәоуп. Аконкурс Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны атәылаҿы имҩаԥысуа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит.
Аконкурс ахықәкы — иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, аҵарауаҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәра ауп.
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса, лаҵара 14 азы, Аҟәа араион Алада-Ешыра ақыҭан.