Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

15 шықәса уажәԥхьа иԥсҭазаара далҵит ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы еилаҳкаауеит зыжәлар хьаҳәхьачарада рымаҵ зуаз Аԥхьагылаҩ ду, Аиааира дасимволны дшыҟаз.
Агәымшәа, ахшыҩ ду змаз, Аҧсны ар Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба ихьамҵра, ихымшаҭара аибашьраан иаӡбоз рацәан. Иара убас усҟан имҩаҧысуаз аполитикатә хәмарра уадаҩқәа рылҵшьа дақәшәон.
Владислав Григор-иҧа Арӡынба уасиаҭны инижьит иқыҭа гәакьа аҟны, Гәымсҭа ахықәан – афронт ацәаҳәа ахьыҟаз, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу ааигәара иаргьы анышә иаҭара.