Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Хәырхумал Адгур Вадим-иԥа диит 1982 ш. август 24 азы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Даԥсыуоуп.
Далгеит Маиҟәаԥтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет «аекономикеи анаплакы анапхгараҭареи» азанааҭ ала.
Акоммерциатә банк «Аҿиара Амшынеиқәатәи абанк» аусбарҭа ахантәаҩыс дыҟоуп.
Дынхоит Аҟәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәымызт.
Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Ҭенгиз Қәҭелиа
Қәҭелиа Ҭенгиз Сардион-иԥа диит 1971 ш. март 5 азы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Даԥсыуоуп.
Далгеит Ставропольтәи аҳәынҭқарратә аграртә университет «агрономиа» азанааҭ ала. Ԥхьатәара иҟоу полковникуп.
Дынхоит Аҟәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи дыртәылауаҩуп.
1992-93 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.