Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иахьа ашьыжь Аԥсны арыцҳара ду ҟалеит. Гал араион Папанырхәа (Саберио) ақыҭан аҩны амца акит, уаҟа хә-ҩык ахәыҷқәа иалаблит.
Аҩны абылра иахҟьаны иҭахаз ахәыҷқәа Ҷолариаа рҭаацәара иалҵыз хә-ҩык аиҳәшьцәа роуп. Зегьы иреиҵбыз шықәсык аҟара лхыҵуан, аиҳабы 8 шықәса дырҭагылан. Аӡӷабцәа рани раби ахәшәтәырҭаҿы иҟан, анду лакәын ахәыҷқәа збоз, амца аҭаҵараан ииашамкәан ахархәара зҭаз амаҭәашьарқәа роуп абылра зыхҟьаз.
Гал араион аҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы, ажьырныҳәамза 6 Аԥсны алахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҿы абираҟқәа ларҟәхоит, акультуратә усбарҭақәеи, ателехәаԥшреи, арадиои рҿы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәеи апрограммақәеи аанкылахоит. Гәалсрыла
ҳрыдышшылоит ауацәеи, аҭынхацәеи, ирзааигәоу ауааи.