Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Анапа ақалақь аҿы сынтәа бжьынтәны имҩаԥысит «Аурыс ажәа апоезиа» ҳәа хьӡыс измаз иаарту алитературатә проект.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи» Краснодартәи атәылаҿацәи акурорттә қалақь анапхгареи рыдгыларала. Апроект анапхгаҩыс дыҟоуп Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ - Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла адиректор хада, Жәларбжьаратәии Урыстәылазегьтәии апремиақәа ралауреат Васили Дворцов.
Сынтәа аконкурс алахәхаразы Аԥснытәи Урыстәылатәи апрозаикцәеи апоетцәеи рҟынтәи арзаҳалқәа 60 алаҵан. Урҭ рахьтә «Апоезиа» аноминациа аҟны аиааира згаз ҳәа далкаан – Аԥснытәи автор қәыԥш Ҳаџьараҭ Џьыкрба.
«Аурыс ажәа апоезиа» - аконкурс азкуп абаҩхатәра злоу авторцәа ралкаара, урҭ адгылара рыҭара.
Аманда Анталаа