Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Жьҭаарамаза 26-27 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы имҩаԥысит аҽыбӷаҟазаразы Аԥсны Ачемпионат. Аицлабра рхы аладырхәит акомандақәа ԥшьба - Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟынтәи, иара убас Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟынтәи акоманда.
Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла бжь-еицлабрак мҩаԥган.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк акоманда ҩышықәса инеиԥынкыланы аҽыбӷаҟазаразы Аԥсны Ачемпионат аҿы аиааира агоит, ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура. Акоманда 210 балл аиуит.
Аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Гагра араион акоманда - 175 балл.
Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Гәдуоҭа араион акоманда-137 балл.
Анталаа Аманда