«Хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы убри асценаҿы иқәдыргылеит аспектакль «Антигона», уаҟа Исмена лроль налыгӡон уажәтәи аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа. Уи адагьы, Еҭери Коӷониа-ԥҳа уи аспектакль азы иҟалҵаз аиҭага, иҟалараны иҟоу апремиера шьаҭас иаиуит.
Аԥсуа ҿар ртеатр арежиссиор Аслан Михаил-иԥа Еныкь ацхыраара ҟаиҵеит атекст аркьаҿразы, уи аспектакль арежиссиор иаҳасабала иҟасҵаз”-ҳәа азгәалҭеит арежиссиор Викториа Печерникова.
Аспектакль апремиера мҩаԥысуеит нанҳәамза 7-8 рзы.
Анталаа Аманда