Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.
Арҭ аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.
Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериала иҭыжьуп.
Аԥараҿырпы аверс аҿы – афотоҭыхыҩ Дмитри Ермаков XIX ашәышықәсатәи иҭыхымҭа «Аԥсуа депутатцәа» аҟынтәи аибашьцәа рфотосахьа, арымарахь амратә дыргеи ажәҩан иалоу 11 ашьауардынқәеи арбоуп, маҷк арыӷьарахьшәа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа – 200 ԥсар, иара убас уи анҭыжьыз арыцхә – 2023ш. ануп. Аԥараҿырпы арыӷьарахьтәи аган аҿы Аԥсны Абанк», иара убас Ареспублика Аԥсны ҳәа азаҷ ҟаҵоуп.
Ареверс аҿы – асериа «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» афырхацәа зегьы иԥшшәылоу азаҷкьыԥхь ала инагӡоу рсахьақәа ануп. Асахьа итрадициатәу аԥсуа орнамент ала иҟаҵоу адекоративтә хыц иҭакуп.