Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит анапхгаҩы Андреи Белианинов хадас дызмоу Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аделегациа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниеи Белианинови Ашықәс ҿыц еидырныҳәалеит, ирзеиӷьибашьеит аҭынчра, ақьиара.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит агуманитартә усхк аганахьала аусеицура азҵаарақәа.
«Шәара иахьа шәнапы злаку азҵаарақәа акырӡа рыҵаркуеит, избанзар урҭ хықәкыс ирымоуп аинтеграциатә процесқәа ралыршара, наҟ-ааҟ еибаҭаху ажәларқәа реизааигәатәра», – иҳәеит Бжьаниа, иагьазгәеиҭеит ажәларқәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәараҿы жәлар рдипломатиа аҵакы.
Аганқәа рылацәажәеит ахәыҷқәа рыԥсшьареи ргәазҩыдареи аиҿкаара иамоу алшарақәа.
«Даара ибзиахон шықәсынаҟьак аус зуа жәларбжьаратәи алагер Аԥсны еиҿкаазҭгьы, избанзар шәара шәтәыла аҳауатә ҭагылазаашьа уи акырӡа иарманшәалоит», – иҳәеит А.Белианинов.
Аслан Бжьаниа агәра диргеит атәыла анапхгара ргәы ишҭоу заԥшьгамҭақәа аҭынчреи аинҭәылареи рахь рхы зырхо аиҿкаарақәа аус рыцура.
Андреи Белианинов атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иԥхаӡа адкыларазы, Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аԥшьгамҭақәа рыдгыларазы. Уи иажәақәа рыла, ари жәларбжьаратәи ҭыԥны иҟоуп, Евразиатәи аконтинент атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәаразы уасхыруп.
Аиԥылара далахәын Гал араион ахадара аиҳабы Константин Ԥилиа.