Едуард Ажьиба диижьҭеи 70 ш. ҵит

Едуард Ажьиба иааигәаны дыздыруаз, иҿцәажәахьаз, ицныҟәахьаз насыҧ иман, рҳәоит иахьа уи дызгәалашәо. Дахьыҟазаалакгьы Едуард даара аҧсуара бзиа ибон, егьныҟәигон. Аҧсуара аҵакы иара изы акыр иҭбаан, иҵаулан, иҧсҭазаараҿы сара саҧсуоуп аҳәара мацарала акәмызт ишеиликаауаз. Аҧсадгьыл еиҧш, аҧхьа иргылон ахатәы бызшәа.


Занааҭла алитература, аҟазара дшазааигәамызгьы, аҧсуа милаҭтә культура амаҵ азызуаз ааиҵашьыцыртә, еиламырсӡакәа аҧсышәала дцәажәон. Згәыблра имаз ихатәы бызшәа еиҳагьы амилаҭтә культура дазааигәанатәуан. Едуард Ажьиба еиликаауан зхатәы бызшәа змам амилаҭ шыбжьаӡуа, ишаныӡаауа, уи аиқәырхара зылшаз рыхгьы шеиқәдырхо.
Едуард Самарда-иҧа Ажьиба диит Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан 1954 ш. ианвар 12 рзы. Абжьаратә школ даналга аҵара иҵон Ростовтәи арадиотехникатә ҵараиурҭаҿы. Аррамаҵура дахысит Германиа. Иуалҧшьа нагӡаны даныхынҳә, аамҭала аус иуан Москватәи азауад «Красный Пролетарий» аҟны.

1987 ш. рзы Едуард Ажьиба дҭалоит ҧыхьатәи СССР аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра амилициа Москватәи иреиҳау ашкол. Иҵара анхиркәша, аус иуан Москва ақалақь Октиабртәи араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҩбатәи аҟәша аҟны, нас диасуеит ари араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь. Хаҭала ашьауҕаҭҵаара аҟәшаҿы иусура аинтерес аҵаны ибон, аҧышәагьы ирҳауан, иҵара иациҵарцгьы иӡбеит. 1987 ш. рзы СССР аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара академиаҿы адиунктура даанахәеит. Араҟа еихьӡара бзиала зҵара назыгӡаз аҧсуа ҷкәын қәҿиарала 1992 ш. ианвар азы адиссертациа ахьихьчаз «Академиа Аҳаҭыртә дырга амедал» ианашьан. Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан. Академиа аҵарауаа гәыҧҩык излаиабжьаргаз ала, иреиҳау аҵараиурҭаҿы дааныжьын.
Едуард Ажьиба аҵара ашҟа ихы анирха, дышқәыҧшыз Аҧсны аанижьит. Иҿара ашықәсқәа иҧсадгьыл анҭыҵ ихигон, иҧсҭазаара зыдҳәалахаз Москва ақалақь ашҟа даниас нахыс, шьаҿа-шьаҿала ихықәкы анагӡара амҩа данын, егьицааиуан. Акыр шықәса Урыстәылан инхоз Едуард иныҟәигоз аҧсуара акала ихьысҳамхеит. Уи дырҩызан лымкаала Аҧсадгьыл бзиа избоз, згәы азыбылуаз, аҧсуара ныҟәызгоз. Москватәи аҧсуаа Едуард Ажьиба ихьӡ рдыруа иҟалеит иаҧшьгара бзиақәа рыла. Аҧсни аҧсуааи ирызку иарбанзаалак еиқәшәарак дагны ҟалашьа амаӡамызт. Иусура иҽахаршәаланы есқьынагьы уи азы аамҭа иҧшаауан. Гәыла-ҧсыла дыззыҟаз мап изацәкуамызт. Иҟазшьеи, иуаҩышьеи, ихымҩаҧгашьеи рыла Москватәи аҧсуаа рыбжьара ҳаҭыр иқәын.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩы, ззанааҭ ала иазыҟаҵаз, аҧышәа змаз аӡәы ҳәа иуҧхьаӡашаз идунеихәаҧшра аҳәаақәа ҭшәамызт, изанааҭ дшамадазгьы, иааиҧмырҟьаӡакәа аҧсуа культура дазҿлымҳан, Аҧсны аҭоурых иазкыз, иара убас аҧсуа литературеи аҭоурыхи рахьтә уи дызмыҧхьацыз шамахамзар иуҧыломызт. Литераторк иеиҧшҵәҟьа аҧсуа шәҟәқәа гәцареикуан. Аҧсныҟа данаауаз, ижәлар данрылагылаз, иҩызцәа-иқәлацәа анибоз, данрыҿцәажәоз ихәыцра иалаз, еснагь зыӡбахә имаз иҧсадгьыл аҧеиҧш лаша, уи ахьыҧшымра аиура акәын. Аҧсны даҭааны Едуард ашәҟәыҭирҭақәа рҟны дымнеикәа ҟаломызт. Ҿыц иҭыҵхьаз аҧсуа шәҟәқәа аахәаны игәыҵамӡо аҩныҟа игон, нас – Москваҟа. Хҭацәыхак шааиоулак аҧсуа шәҟәык аашьҭихуан, абҕьыцқәа еихыршәшәо иблақәа рыхго иҿынеихон.
Едуард иҩнаҭаҿы имҩахыҵхьаз аӡәырҩы ирҳәон, аҧсуа шәҟәыҩҩык иҩнаҭаҿы унеизшәа угәы иунаҭон ҳәа. Иҧсадгьыл аҟны дышнымхозгьы, атәым милаҭ иреиуаз иразҟы дадимкылеит. Уи иҩнаҭаҿы аҧсуа бызшәа ҩныҩуазар иҭахын. 1982 ш. анҵәамҭаз динасыҧеит Аҧснытәи аҧсуа ҧҳәызба Изольда Лакоба. Аҧсуа чара рзыруит Мгәыӡырхәа ақыҭан иаб иҩнаҭаҿы. Уи нахыс Изольда диарҕьажәҩаны дивагылан. Хҩык ахацәарҧар лыхшеит. Аҭаацәара ахада насыҧ ду иманы ихы иҧхьаӡон, хҩык ихшара – иара изы зегьы иреиҳау беиаран.

Едуард Ажьиба дызлагылаз дхәыданы дыршьомызт, ззанааҭ ибзианы издыруа ҳәа дрыҧхьаӡон, убри аҟнытә Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа усура ииагара азҵаара рыӡбахьан, диасраны дшыҟаз ауп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз.
1992 шықәсатәи аҧхынразы Едуард иҧшәма Изольдеи рхәыҷқәа ахҩык рыцны Мгәыӡырхәа ақыҭан, иаб иџьынџь аҿы иҟан. Аиҳабӡа Арсана 9 шықәса ихыҵуан, агәыбжьанытә Алықьса - 5 шықәса, реиҵбы – Алеқсандр - 8 мзы. Едуард Ажьиба ихәыҷқәа реиҳабы Арсана ихьӡызҵаз иара иоуп. Алықьса Гогәуа иажәа­бжь «Аҽыхәа» афырхаҵа Арсана ихаҿсахьа даара игәаҧхозаарын, раҧхьатәи ахаҵарҧысгьы Арсана ихьӡиҵеит. Арсана иеиҵбы Алықьса ихьӡ акәзаргьы, зҩымҭақәа бзиа ибоз аҧсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иаҳаҭыр аҟнытә ихьӡиҵеит. Ари ус шакәу шьақәлырҕәҕәоит Изольда.

Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит ҳәа аниаҳа, август 16 рзы Едуард иҧсадгьыл аҿы иуаажәлар днарылагылеит. Аҧсны ашәарҭара ду ианҭагылаз аамҭазы, Едуард иеиҧш иҟаз ахацәа адунеи аҵыхәан инхозаргьы, Аҧсныҟа, рыҧсадгьыл ахь еихон. Ишәарҭоуп, сҭаацәа ма иалызгап, Москваҟа исышьҭып ҳәа амалахазгьы игәы иҭаимыршәит. Агәра игон зыҧсадгьыл ахақәиҭразы иқәҧо ажәлар аиааира шырзыҧшыз.
Азыҟаҵара бзиа змаз Едуард Ажьиба Аҧсны аконтрҧшыхәра аҟәша еиҿикааит аҭыҧантәи азанааҭдырҩцәа ицырхырааны. Аҧсны арбџьар-мчқәа аибашьраан имҩаҧыргоз ажәыларақәа реиҿкаараан Едуард напхгара ззиуаз аконтрҧшыхәра аҟәша иабзоураз рацәан.
Аполковник Ажьиба хаҭала илаҧш рхызар иҭахын ажәыларақәа рымҩаҧысшьа, убри аҟнытә лассы-лассы ахырҕәҕәарҭақәа рҟны дубон, ажәыларақәа рымҩаҧгараан аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рҧызацәа иабжьагажәа рыгирхомызт, идырреи иҧышәеи ихы иархәаны, есқьынагьы амҩа иаша иқәиҵон.
Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа афронтқәа зегьы рҟны есааира ақәылаҩцәа рымчқәа ҵыршәаауан. Аҟәа ахақәиҭтәазы аҩадахьала ахәқәа зегьы ҭарцәтәын. Зымҽхак ҭбааз аҵыхәтәантәи ажәылара амҩаҧгара напы аркхаанӡа даара ишәа-иза аплан шьақәыргылан. Едуард, занааҭдырҩык иаҳасабала, араҟагьы илагала ыҟан.
Аҟәа ахақәиҭтәразы ақалақь иахагылоу ахәқәа рҟынтә ақәылаҩцәа рықәцара даара ауадаҩрақәа ацын. Аха, ега ус акәзаргьы, Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа хьаҵуамызт, хәыҷы-хәыҷла рыҧсадгьыл ахы иақәиҭыртәуан.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧшыхәра аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дыҟан иахьа зыҧсҭазаара иалҵхьоу, Аҧсны ашәарҭадара амаҵзураҿы акыр шықәса аус зухьаз, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ачекист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара занашьаз Мақсим Барганџьиа. Абар, уи ҳаниҿцәажәоз иҳаиҳәахьаз:
«Едуард Ажьиба аҧшыхәреи аконтрҧшыхәреи рыҟәша анапхгаҩыс даныҟала цхырааҩыс иоуз Владимир Базба ила адырра сиҭеит ҳаибабар шиҭахыз ала. Усҟан сара Гәдоуҭа сыҟан, аха Мрагыларатәи афронт ахь ацара хықәкыс исыман. Едуарди сареи ҳанеиқәшәа, «аҧышәа умоуп, ари аус удыруеит, аус еицааур сҭахуп», иҳәеит. Очамчыраҟа сцараны сшыҟаз иасҳәеит, аха ишидимкылаз гәасҭеит. Адырҩаҽны ҩаҧхьа ҳаиқәшәарц сабжьигеит. Аҽныҵәҟьа Арбџьар Мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада иҟны днеизаарын, «ара даҭахызар, даанхааит», иҳәазаарын. Абасала, Едуард ихаҭыҧуаҩс аусура салагеит.


Едуард аҩнуҵҟатәи аусқәа рсистема ибзианы идыруан, аҭагылазаашьа иаарццакны анапаҿы аагашьа дақәшәон, ииашангьы ахәшьара аҭара илшон. Аҧсны арратә совет аилазаараҿы дыҟан. Иаахтны игәаанагара иҳәон, ажәалагалақәа маҷымкәа иҟаиҵон ажәыларатә планқәа рышьақәырҕәҕәараан. Аҭагылазаашьа идыруан. Акрызҵазкуа аинформациа иаша, афронтқәа рҟнытә еиҧш, аҕа инапаҿы иҟаз аҭыҧқәа рахьтәгьы иоуан. Агентура иман, Аҟәантә аинформациа есымша иоуан уҳәар ауеит.
Едуард ҟазшьала дуаҩ қьиан, дразын, аха дагьыџьбаран, ихьамҵуаз хаҵан, агәаҕьра илан. Иусураҿы, шамахаӡак агха иоуамызт. Идырреи иҧышәеи хәарҭара рылан. Аҧшыхәҩы хада аибашьра ахьцо раҧхьатәи ацәаҳәаҿы инеира ахәҭаӡам ҳәа ишьоуп. Уи иара даара ибзианы ишидыруазгьы, аибашьцәа ирыгу-ирыбзоу, иахьынӡазыҟаҵоу лассы-лассы аҭыҧанқәа рҟны днеины еиликаауан, иблала ибон. Аибашьраан ажәыларақәа рымаӡақәа зегьы здыруаз ауаҩы, Цугуровка анапахьы аагаразы ҳаибашьцәа ииунтәи ржәылара аанырымкылар анаму, ихьаҵуа ианалага, аҭагылазаашьа аилкааразы, насгьы ҧхьаҟа ацара мҩак азыҧшаашьас иамаз еилиргарц дымцар имуит. Иҧсадгьыл абзиабара амч еиҳахеит – еиҳа ахаҵара анаҭахыз аамҭаз иахьаарҧштәыз аҭыҧаҿ дыҟан. Иара иеиҧш иҟаз ирхьыҧшыр акәын, ҳаибашьцәа ргәы шьҭыхтәын, ҧхьаҟа ацара ада даҽа мҩак шыҟамыз деилыркаатәын. Абарҭқәа зегьы, хымҧада, еидихәыцлеит Едуард Цугуровкаҟа амҩа данықәлоз, уаҟа хаҵаҵасгьы дҭахеит».
Мгәыӡырхәа ақыҭан 1980 ш. рзы зыҧсҭазаара иалҵыз Самарда Ажьиба игәы рҭынчны инарцә мҩа дықәлеит, ишьҭахьҟа иаанижьит аҭаацәара ду. Самардеи иҧшәмаҧҳәыси 7-ҩык ахшара рааӡеит: ҧшьҩык аҧацәеи хҩык аҧҳацәеи.
Ажьиаа рашҭаҿы аҭаацәара ахада Самарда, ахшара реиҳабӡа Сафарбеи рдунеи рыҧсаххьан, аха еизынхаз уреигәырҕьартә иҟан. 1993 ш. ииуль 5 рзы Аҧсадгьыл ахақәиҭтәраан иҭахаз Едуард зегьы ргәы ҿикааит, рхы-­ргәы далсит, ааха дуны илзыҟалеит ан-абырг Алеқсандра Ҳабраҟә-иҧҳа Ҷанба. Акзаҵәык – лгәы лырҕәҕәон Аҧсадгьыл ахьчаҩ, гәадурас илымаз лыҷкәын баша дахьҭамхаз.
Ауацәа-аҭахцәа реиҧш, Едуард ибзианы дыздыруаз Москватәи аҧсуаа аӡәырҩы даараӡа ргәы иалсит иаамҭамкәа ижәлар дахьрыҧхаз. Уи изкны усҟан акьыҧхьи ателехәаҧшреи рҟны ахьаа зцыз ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит: Тарас Шамба, Георги Ҟолбаиа (Ҟалҕьы), Денис Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы.


Едуард Ажьиба ҟазшьала дгәыблҩын, гәаҭала даартын, иаҭаххозар иҧсадгьыл ихы шақәиҵоз мҩашьауа дыҟан. Аҧсадгьыл зегьы иреиҳаны дахәаҧшуан. Аибашьра иразҟы аркьаҿит, аха дзыхӡыӡаауаз Аҧсадгьыл еиқәырхоуп иахьа.
Қәрала зуаҩыбжара аҟынӡа имнеицыз, аха акыр зылзыршахьаз, Аҧсни аҧсуареи рзы зааҧсарақәа шьардаз, ианаҭаххагьы зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз Едуард Ажьиба Аҧсны аразҟы лаша азызчаҧоз дреиуан. Иҩызцәеи иареи рҿырҧшала еиҵагыло абиҧарақәа рааӡара иахьагьы, уажәынахысгьы уалҧшьаны иҳадзаауеит. Хашҭра рықәымзааит ҳтәыла ахьыҧшымра зыҧсы ахҭнызҵаз Аҧсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба иҩызцәа аҵеицәа хьӡырҳәагақәа.

Вахтанг Аҧҳазоу 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me