Аҧсны абираҟ аҵаҟа

Аҧснытәи аспортсменцәа иун 12-23 рзы, Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан имҩаҧгахо БРИКС аспорттә хәмаррақәа ирылахәхоит ҳҳәынҭқарра ахьӡала иара абираҟ рхашәыршәыруа.


Ари алыршахеит 2023 шықәса ахыркәшамҭазы Аҧсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцини реиҧылара аан рнапы зҵарҩыз анаҩстәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Зымҽхак акыр иҭбаау арҭ аицлабрақәа руснагӡа излазгәанаҭо ала аиндаҭларақәа мҩаҧгахоит аспорт хкқәа 27 рыла, урҭ ирылахәхоит 50 тәыла рҟынтәи 5.000-ҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me