Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

90 ш. раҧхьа – 1934 ш. ианвар акы азы Аҧсуа драматә студиа актиорцәа раҧхьатәи агәыҧ аунашьҭит.
В. Домагаров напхгара зиҭоз астудиа аҟны иазыҟаиҵеит аҿар, Е.Шакирбаи, А. Агрба, Р. Агрба, А. Басариа, И. Ҷоҷуа, Л. Касланӡиа, М. Ақаҩба, А.Аргәын, Шә. Ҧачалиа, П. Ашәба, Н. Гочуа, С. Коҕониа, В. Шьаҟрыл.
1934 ш. аҧсуа театр аҟны В.Гаррик қәҿиарала иқәиргылаз аспектакль «Ауаса рӡыхь» (Лопе де Вега иҩымҭа) аҟны ихәмаруан астудиа аҟны аҟазара амаӡақәа аҵызхуаз: Е. Шакирбаи (Лауренсиа), А. Агрба (Командор), М. Ақаҩба (Флоренс), С. Коҕониа (Менго), А.Басариа (Алонсо) уҳәа егьырҭгьы.
Анаҩстәи ашықәсқәа раан агәыҧ иалаз реиҳараҩӡак С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны злагала ду ҟазҵаз роуп, аҧсуа театртә ҟазара аҿиара рыхьӡ узаҟәымҭхауа иадҳәалоуп. Ахәаҧшцәа рыҩнуҵҟа ахьӡ-аҧша дырҳаит, еицырдыруа артистцәа ракәны ишьақәгылеит.
В Ажәанба