Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Цәыббрамза Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы, Аиааира иацу агәырӷьареи, рхынҳәшьа змам ацәыӡқәа ргәырҩа ҵаулеи ирымзоуп. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, аҩбатәи агәыԥ аинвалид Илона Џьынџьалԥҳа иахьатәи аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус луеит. Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа, лара жәаа шықәса зхыҵуаз ԥҳәызба қәыԥшын, ԥхьаҟатәи лԥеиԥш зегьы зыӡбоз амҩа алхра лзыԥшын. "Жәаа шықәса уанрықәу, аибашьра закәыҵәҟьоу шузымдыруагьы, аибашьра уаналагылоу ауп алкаа аныҟауҵо, аӡбамҭа анудыукыло", - лҳәоит лара. Илонеи уи лықәлацәеи рзы иаалырҟьаны излагаз аибашьра, рқәыԥшра иацыз аҭынч гәазыҳәарақәа ԥыххаа иқәнаҵеит.
Есышықәса еиԥш Аиааира амш ааигәахо ианалаго, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа еиуеиԥшым ргәыԥқәа мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа рахьтә Анцәа иџьшьаны иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу еиқәшәоит иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәаразы.
Жьҭаара 6, 1992 шықәса рзы ихыркәшахеит Гагра ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара. Ари аиааира раԥхьатәи иааиран аԥсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы. Ақырҭцәа амацәаз иҭакны ирымаз Аԥсны, Гәымсҭатәи афронт аштаб акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар ишьақәиргылаз аплан ала иалыршан Урыстәыла аганахьала амҩа аартра. Гагратәи аиааира ҳаибашьцәа рзы гәышьҭыхгахеит.
Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Уҽыззукыз аҽузнакуеит», ҳәа. Аха ԥсабарала Анцәа Ду иуцишаз, иулеиҵаз абаҩхатәра иацназго ыҟам. Ажәакала, ауаҩы иитәу амҩа анылихуа аԥсҭазаараҟны дымҩақәнаҵоит, уи ԥызас иауеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала, хаҭала сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҟыҟ-ҿыҟ змоу аҭаацәарақәа, зҭыӡшәа аусӡбара аҟынӡа иназго, еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны еилыҵуа рхыԥхьаӡара маҷым. 20-30 шықәса раԥхьа асеиԥш аҭаацәашәатә еизыҟазаашьақәа дырзомызт, иаартны ирылацәажәомызт, излауазала ирҵәахуан, ма уала-ҭахыла ирыӡбуан, аҭыԥ иқәырҵон, шамахамзар, аусӡбарахь инаргомызт.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
