Ахәыҷқәа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы ес-ԥхынра еиҿнакаауеит аԥсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь».
Ахәыҷқәа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы ес-ԥхынра еиҿнакаауеит аԥсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь».
Аҟазара абзиабаҩцәа иԥшьоу ныҳәак еиԥш иаднаԥхьалеит хәы-змаӡам аҭыхымҭақәа ҳзынзыжьыз Сергеи Михаил-иԥа Габелиа исахьақәа рцәыргақәҵа «Аԥсуа иашәа». Уи мҩаԥысуан Аԥсны асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа ргалереиаҿы.
Аԥсны атуризм аҿиара ҳаналацәажәо, иҳәатәуп, уи иацнеиуа ахырхарҭақәагьы ҿиалар шахәҭоу. Знык иадамхаргьы, сасра иаахьоу, ма ицахьоу дазхәыцхьеит, Аԥсны иадҳәалоу маҭәарк гәаларшәагас изгари ҳәа. Иҟоума иахьа, ҳазхыҽхәаша аҭыԥантәи асувенирқәа, изеиԥшроузеи дара рхаҭабзиара, рыхәқәа, иҟазҵода? Иаагоу акәзар, аџьармыкьа абанӡадырбеиауа, аҭыԥантәи иареи еиҩыргои? Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳашьҭалоит …
Аԥсуа ҟазара ҭоурых аҿы иалкаау аҭыԥ аанызкылоз, еицакра зқәымыз, зыбжьы ҿаца Аԥсны иалыҩуаз, Дәрыԥшь ақыҭан, аҳабла Тәанихәа, 21.07.1941 ш. ииз, Леонти Арзамеҭ-иԥа Гәынба, иуси иџьабааи дуун.
Ашәҟәы рыхьӡынҩылоуп Манча Бениеи Иура Пкьыни. Ашәҟәы рызкуп харада ирӡыз: Гагра, Пицунда, Бармышь, Мгәыӡырхәа, Аацы, Хәаԥ, Анхәа, Гәдоуҭа, Арасаӡыхь, Ҷлоу, Кәтол, Гәыԥ, Река, Баслахә, Ҭхьына ақыҭақәа рҵеицәа.
Иарбан милаҭзаалакгьы акы ҳаԥсаханда, мчык ҳаманы, изабалакгьы цҳас ҳҟаҵаны иаҳхысны имцандаз ҳәа згәы иаанагауа, еидгылароуп, рхы еидыркылароуп, рҳәоу еиқәдыршәароуп, ражәа еицнеиуа рҽыҟарҵароуп», ҳәа иҩуан 107 шықәса раԥхьа, аԥсуа доуҳа ауасхыр ашьаҭаркҩцәа ираԥхьагылоу Гәлиа Есыф-иԥа Дырмит.
Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны. Амилаҭтә символқәа рыдкылара даара аҵак ду аиҭон Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.
Аԥсуа жәлар иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалакгьы ауаа нагақәа, ахатәрақәа рылиаауан, ажәлар рҿахәы зҳәашаз, аӷьеҩ ҳәа зыбжьы зыргар зылшоз ианаҭахыз. Еснагь зхатәы гәаанагара аахтны изҳәоз, амилаҭтә қәԥара иалагылаз иреиуан Малиа Владимир иԥацәа – Зураби Заури.
Ԥхынгәы 11 азы, Аԥсны ижәытәӡоу ақалақьқәа руак - Очамчыра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәамш еиҿкаан ақалақь аԥшаҳәаҿы. Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшаҽны. Сынтәа ақалақь 2526 шықәса ахыҵит. Аныҳәа амҩаԥгара заа рҽазыҟарҵахьан. Апрограмма инақәыршәаны иазԥхьагәаҭан аиԥыларақәа, ақәгыларақәа, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа.
Иналукааша арккаҩы арҵаҩы, алингвист – аԥсуа школ абду ҳәа изышьҭоу, Аԥсны аҵара аус ауасхыр азышьҭаҵараҿы злагала дуу Фома Христофор-иԥа Ешба диижьҭеи 170ш. ҵит.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
