АХҬЫСҚӘА

Ахәыҷқәеи аҳәсеи рзинқәа хьчазарц

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҟыҟ-ҿыҟ змоу аҭаацәарақәа, зҭыӡшәа аусӡбара аҟынӡа иназго, еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны еилыҵуа рхыԥхьаӡара маҷым. 20-30 шықәса раԥхьа ас­еиԥш аҭаацәашәатә еизыҟазаашьақәа дырзомызт, иаартны ирылацәажәомызт, излауазала ирҵәахуан, ма уала-ҭахыла ирыӡбуан, аҭыԥ иқәырҵон, шамахамзар, аусӡбарахь инаргомызт.

Аха иахьа ҳтәылаҿгьы аҭаацәашәатә ҭыӡшәа уаҩышәала аӡбара залшом, иара закәанла аусӡбараҿгьы ахаҵгылара  еиуеиԥшым ауадаҩрақәа  цәырҵуеит.

Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аҭаацәаратә еибарххарақәа, аимак-­аиҿак, аҟыҟ-ҿыҟ анцәырҵуа ҭынч анхара шзыҟамло зегь раԥхьа иргыланы, аҭаацәара аҟны изызҳауа ахәыҷ изы. Уи иеизҳараҿы, иҭышәынтәалараҿы, даара иԥсихика иаԥырхагахоит. Ахәыҷы иани иаби реизыҟазаашьа уадаҩ гәнигоит, иныруеит, уи амшала иҵаратә процесс хьысҳахар, игәабзиара уашәшәырахар, дыбжахар алшоит. Еиҳаракгьы ахәыҷы иқәыӷәӷәо мзызуп, иани иаби хазы-хазы рцара аан, реилыҵра аан, уи инхарҭа ҭыԥ алхра аамҭа. Аҭаацәаратә ҭыӡшәа иахҟьаны ицәырҵуа апроблемақәа раан ахәыҷи ани шыхьчатәу, урҭ  цхыраарас ирыҭатәу, хаҭала, ари апроблема аӡбара аҭыԥ ақәҵара знапы иану аусбарҭақәеи ауаажәларреи русура шеиҿкаауи аԥхьаҟатәи  русеицура  шеиӷьтәтәуи уҳәа жәпакы азҵаатәқәа ирылацәажәан Аԥсны аҳәса Рассоциациа абзоурала «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны  еиҿкааз «Аҭаацәара-бзазаратә еиҿыхарақәа раан ахәыҷқәеи  аҳәсеи рзинқәа рыхьчара» захьӡыз астол гьежь аҟны.

Аԥсны аҳәса Рассоциациа анапхгаҩы Мариета Топчиан уахь имҩахыҵыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәалҭеит, реиқәшәара хаҭала, аҭаацәашәатә ҭыӡшәа иахҟьаны иҿио аҭагылазаашьа азкра  машәыршақә ишыҟамлаз.  Ани аби рыбжьара ицәырҵуа азеилибамкаара аан ахәыҷы дыбжьахоит, уи аамҭазы ахәыҷы ишәарҭадареи иманшәалареи иазымхәыцуа иҭаацәа ирҷыданы ихьчара аиҿкаара аҭахуп, иара ахәыҷы ихаҭа игәаанагареи  иинтересқәеи ахархәара рыҭаны иазнеитәуп,еиҳаракгьы уи инхарҭа ҭыԥ алхра ауадаҩра анацу»,– лҳәеит уи.

Астол гьежь аҟны аиурист Саида Шамба дазааҭгылеит Аԥсны аҳәса Рассоциациа русура атәы. Урҭ ацхыраразы ирыдҵаало маҷҩым, изларылшо ала  апсихологиатәи аиуристтәи цхыраара рыҭара иазхиоуп. Аха ацхыраара  зҭаху аӡәырҩы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны рыцхраара мап шацәыркуа азгәалҭеит: – «Шьоукы-шьоукы, аҳәса инарҷыданы, ахацәагьы рҭаацәашәатә ҭыӡшәа аартны ацәыргара, ауаажәларра рҟны ироуа ахәшьареи ақәыӡбареи ирыцәшәоит, иара убас урҭ рыхьчаразы агәрагара ахьыҟам», – лҳәеит уи.

Астол гьежь иалахәын апекунреи ахәдықәҵареи рус­ба­рҭақәа рхаҭарнакцәа, Ахәыҷи ауаҩи рзинқәа знапы иану аппарат аусзуҩцәа, иеиҳабыратәым ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аӡбаҩцәа, адукатцәа. Урҭ зегь  ражәахәқәеи рцәажәарақәеи  азкын иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо ала  ахәыҷқәеи  аҳәсеи рзинқәа рыхьчара, урҭ ршәарҭадара аиҿкааразы илхтәу амҩақәа ирзааҭгылан.

«Ахәыҷы инхарҭа ҭыԥ алхраан, аимак-аиҿак аӡбара иадҳәалоу азҵаарақәа, апроблема хадақәа ахәыҷи ауаҩи рзинқәа знапы иану аппарат аусзуҩцәа рнырра» иазкыз.

Мактина Џьынџьал лажәахә аҟны дазааҭгылеит ани аби анеилыҵлак ашьҭахьгьы урҭ рыбжьара зҵыхәтәа ԥымҵәо аимак-аиҿак аҟны, амчра змоу, зылшарақәа зхы иархәаны ауа­ҩытәыҩсатә хымҩаԥгашьеи азакәани рнормақәа ирхыҳәҳәаны зхы  мҩаԥызго аҭаацәа шырԥыло русураҿы. Ас  еиԥш ахымҩаԥгашьа аан, зинла ихьчам аԥҳәыс ахаҵа иҿагыларазы агәаӷьра  шылзаамырԥшуа азгәаҭо, уи илҳәеит ахәыҷы закәанла иан лҿы дыҟазаарц шаԥугьы (ахәыҷ иааӡаразы азин лымхымзар…) аб длымихыр шалшо.

«Ас еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩқәа раан аԥсихологцәа, зықәра наӡам ахбыџцәа русқәа рзы  аусзуҩцәеи, азакәанхьчаратәи аӡбаратәи усбарҭақәа зегьы досу ҳус ҭакԥхықәрала ҳазнеины, ҳамч еилаҵаны, иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ахәыҷы дҿаҟәаны даанымхарц, иани-иаби рыбжьара иҟоу аимак-аиҿак дахәымхарц», – лҳәеит  лагалак аҳасабала.

Астол гьежь аҟны инҭырҳәцааны ирылацәажәан, ишьҭыхын азҵаарақәа, дырра ҳаракыла изызнеитәу, ахәыҷы ихьчара  иахәо,  уи изы хәарҭара злоу изинқәа.

Аиашазы, ари апроблема даара иҵарны иқәгылоу, ҭакԥхықәра  дулагьы изызнеитәу ак ауп. Ахәыҷқәа рыхьчара, реиқәырхара хылаԥшра аҳамҭар, игәцараҳамкыр уаҵәтәи  ҳԥеиԥш зыҟалом, иҿаҟәахоит.

Ахәыҷқәеи  аҳәсеи рзинқәа рыхьчара апроблема ауаажәларра ргәы  еиҟараны иахьыннамыжьуа акыр аанагоит, аха ари аус аҟны ацхыраареи адгылареи арҭароуп уи знапы  иану, изҵазкуа аусбарҭақәеи  Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи.

 

Алиса Гәажә-ԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image