Иналукааша аԥсуа шәҟыҩҩы ду, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Ареспубликақәа рҿы жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иахьа имшира ауп. Убри инамаданы, апоет анышә дахьамадоу иҳаҭгәын аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц, дыргәаладыршәарц уахь инеит Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ашколхәыҷқәа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диит 1917 шықәса, маи 12 рзы Очамчыра араион Ҷлоу…
Маринтәи атеатр аиҳабы – асахьаркыратә напхгаҩы Валери Гергиев иааԥхьарала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла рхы аладырхәуеит Москватәи Амшаԥтә фестиваль. Афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥымза 25 инаркны лаҵарамза 16-нӡа. Уи иалахәхоит, иара убас, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә аколлективқәа.
Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос зегьы еидызкыло жәа-томк зҵазкуа аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа аа-томк аҭирҭақәа рахь инагоуп. Анапаҿы аиура иазҿлымҳаз аԥсуаа рнарҭтә епос аизга аархәарц рылшоит Аҟәа ақалақь ашәҟәыҭиирҭақәа рҟны, иара убасгьы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы еиҿкаау Академшәҟәы аҟны.

Аиааира Ду - 79 шықәса

09 Лаҵара 2024 17:03
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 79 шықәса ахыҵра инамаданы, иахьа маи 9 рзы Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа. Аныҳәатә митинг аҟны ажәахә зманы иқәгылаз Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира агараҿы Аԥсны…

Аԥҳәызба гәымшәа

09 Лаҵара 2024 07:08
Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵит. Ашықәсқәа цацԥхьаӡа еиҳа-е­иҳа иаҳцәыӡуеит ҳветеранцәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me