Акрызҵазкуа ҩ-хҭыск

25 Цәыббра 2025 10:27
Ааигәа, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧган алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Руслан Хәанеи-иҧа Қапба 90 шықәса ихыҵреи уи аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здиулоз, иҩыза гәакьа, ашәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа ирҿиареи иҧсҭазаареи ирызку ашәҟәы «Сергеи Кәыҵниа» аӡыргареи.
Сентиабр 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭеит ареспублика 35-шықәса ахыҵра Амш. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба уи мышкы шагыз Цхьынвал даҭааит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Аԥсны анапхгарра рхы аладырхәит иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Станислав Лакоба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазку алахьеиқәҵаратә церемониа.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Ԥсковтәи атәылаҿацә агубернатор Михаил Ведерникови видеоеимадарала аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит цәыббрамза 23 рзы.
Аладатәи Кореиа иаатит Аԥсны акультуратә Центр. Ацентр аартра рыдныҳәало, адепутат Ан Хо Енг иҳәеит атәылақәа рыбжьара акультуратәи аекономикатәи еимадарақәа рыҿиара иамоу аҵакы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me