Аамҭа цацыԥхьаӡа ахәрақәа ӷьоит ҳәа ирҳәо иашам. Сынтәа 32 шықәса шҵуагьы, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә аибашьра еилгеижьҭеи, Аиааира Амш анааигәахо зыхшара зцәыӡыз, зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз рҭаацәа рзы еснагь лаӷырӡышоуп, ихьаа цәгьоуп.