Алаҳәара

03 Жәабран 2023 10:29
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2022 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту. Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.
Аҧсны аибашьра иалагеит ҳәа анраҳа амилаҭ маҷ рықәхра алмыршаразы еибашьра Аҧсныҟа иааз аиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәеи, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи рыбжьара ҭаацәарак аҟынтә ҩыџьа-хҩык ахьеибашьуазгьы ыҟан.
Аҧсуа милаҭтә журналистика ҩашьара ақәымкәа зышьҭа анызҵаз, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» – «Аҧсны» аредакциа акыр шықәса раахыс амаҵ азызуа ажурналистцәа иреиуоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу, аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Валери Џьота-иҧа Амаршьан 80 шықәса ихыҵит.

Адныҳәалара

03 Жәабран 2023 10:23
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, агазеҭ "Аҧсны" аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Валери Амаршьан идырныҳәалеит ииубилеи.

Аҧсны Ахада Иусҧҟала

03 Жәабран 2023 10:22
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Гәында Кәыҵниа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс лыҟаҵаразы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me