Аԥсныпресс. Жәабранмза 2, 2023 шықәсазы анемец-фашистцәа рықәгара ахьалыршахаз Сталинградтәи ажәылара ҟалеижьҭеи 80 шықәса ҵит. Ари амш аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз Аԥсны анапхгара Аҟәа, Диоскураа рымҩаҟны Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Агәалашәара рхы аладырхәырц арахь имҩахыҵит Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны…
Фымцала аиқәыршәареи акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагылареи рызҵаарақәеи ирызкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапыҵала уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба февраль 5 азы имҩаԥигеит аусуратә еилацәажәара, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Аилацәажәара иалахәыз азыӡырҩит иҟоу арезервқәа рҟаҵарба ха­дақәеи Аԥсны афымцамч ахархәара ашьҭыҵреи ирызкны аекономика аминистр лажәахә.

Адгьылҵысра инамаданы

10 Жәабран 2023 09:34
Февраль 5 ашьжьымҭан Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Уи иахҟьаны ауаа рацәаны иҭахеит ахәрақәа роуит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реи­лазаара анапхгара алархәны есымчыбжьатәи аусуратә еила­цәажәара мҩаԥигеит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны ар­ҽеиратә усурақәа рылҵшәақәа ртәы иҳәеит – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.
Аҧсныпресс. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҟны икьыҧхьуп 1990 инаркны 2022 шықәса­зынӡа амҩа-транспорттә хҭысқәа ртәы зҳәо астатистика. 1992-1993 шықәсқәа ртәы зҳәо аинформациа ыҟаӡам, избанзар усҟан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра мҩаҧысуан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me