Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкны А Д Н Ы Ҳ Ә А Л А Р А

Аџьшьаратә шәҟәы

27 Ажьырныҳәа 2023 12:04
Херсонтәи аобласт арра-тәылауаҩратә хадараҿы Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аоперативтә гәыԥ анапхгаҩы, аинрал-маиор Андреи Павленко аџьшьаратә шәҟәы изааишьҭит Аԥсны аҭагыла­­заашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, – иаанац­ҳауеит Аԥсны аҭагыла­заашьа ҷыдақәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Хәыда-ԥсада ирхәышәтәуеит

27 Ажьырныҳәа 2023 12:04
Аԥсныпресс. Агәабзиа­рахьчара аминстр Едуард Быҭәба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышә­тәырҭаҿы, – иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиа­рахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Уи рхы аладырхәит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба, ахәышә­тәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа, аминистр ицхырааҩ Роланд Гамисониа. Гәыниа иажәақәа рыла, уажәы азы амедицинатә усҳәарҭаҿы рҽыр­хәы­шәтәуеит 38-ҩык.

Анхарҭа змам ргәынамӡара

27 Ажьырныҳәа 2023 12:03
Аԥсныпресс. Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит анхарҭақәа рыҭара дҵаны ишьҭызхыз Аҟәа амитинг еиҿызкааз аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа.
Арҭ амшқәа рзы, Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы аҿар имҩаҧыргеит амитинг. Уи иалахәын нхарҭа ҭыҧла еиқәыр­шәам, иқәыҧшу аҭаацәарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала ҳҿар қьырала ауада ахә ахшәаауа иҩноуп. Убриаан идырҳауа абжак рхәыҷқәа рааӡараҿ ирыгырхан, рынхарҭа иахҭнырҵоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me