2023 шықәса, октиабр 13, Аԥсныпресс. Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниеи Аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниаԥҳаи идикылеит. Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб изеиҭарҳәеит ́ изаамҭану русура амҩаԥысшьа.
2023 шықәса октиабр 17, Аԥсныпресс. Москва, ҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҳәаақәҵара ашьақәыргыларазы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
«Ар ирнымиаз дхаҵа ҕәҕәоуп» – рҳәоит аҧсуаа ражәа иалаҵаны. Шьаҭанкыла аҧсуа жәлар ҳақәхра игәы иҭакны ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, уи иҿагылара, иқәцара анаҭахыз аамҭазы агәаҕьреи агәымшәареи аадырҧшит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа.
Адыгатәыла иҭыҵуа ареспубликатә газеҭ «Адыге Моҟәи» аҧсуа газеҭ «Аҧсни» аусеицура хацдыркит.
Ҟарачы-Черқьестәыла, Абазашҭа еиуоу абаза поетесса Лариса Шебзыхәа аҧхьаҩцәа дырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит, абаза бызшәала еиҧш, дыҩуеит урысшәалагьы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me