Абарҭ азҵаарақәа ирзааҭгылеит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилацәажәараҿы. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, афинансқәа рминистр Владимир Делба иазгәеиҭеит, аԥхьа аԥаратә малқәа шдәықәҵаз амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәы рызшәаразы, аҩбатәи аетап аан ргәы ишҭоу Амиграциатә маҵзура, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра, Аҳәынҭҳазалхырҭа русзуҩцәа ауалафахәы рызшәара. Аҵыхәтәаны ауалафахәы рызшәахоит асоциалтә усхк аусзуҩцәа.

Аӡәгьы имазҵаакәа

11 Ԥхынкәын 2024 07:35
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аиԥылара мҩаԥигеит. Уаҟа иахәаԥшын аиқәԥареи атлетика хьанҭеи ршкол ԥасатәи ахыбра акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

32 шықәса уажәаԥхьа

11 Ԥхынкәын 2024 07:34
Декабр 6 азы 32 шықәса ҵит аҵарауаҩ-археолог, арранапхгаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарҵкиа дҭахеижьҭеи.
Ишдыру еиԥш аԥсуаа жәытә-натә аахижьҭеи пату рзақәуп аӡахәааӡареи, аҩыҟаҵареи. Иарбанзаалак аԥсуа чеиџьыка еснагь иузаҟәымҭхо иацуп хыԥхьаӡара рацәала аныҳәаҿақәа. Аԥсуа аишәа аетикет ала аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа еиуеиԥшым ахҭысқәа инарықәыршәаны рҽырыԥсахуеит.Аԥсны ирааӡоит ажьхкқәа рацәаны, урҭ иреиуоуп: акаҷыҷ, амлахәы, ауасырхәа, ажьаԥшь, аӷбажь.
Ақәԥаразы аспорт азҟаза, ԥшьынтәны Адунеи иачемпионхахьаз, Бесик Кудухов игәалашәара иазкны абҵарамза 30 рзы ақалақь Цхьынвал аспорттә хан «Олимп» аҟны имҩаԥысит иаарту турнир. Аспорт иазҟазаз Бесик Кудухов 2003 шықәсазы акурсантцәа рыбжьара Европа ачемпионат аҿы аиааира игеит. 2005 шықәсазы Урыстәыла еизгоу акоманда далалеит. 2006 шықәсазы Урыстәыла ачемпионат ихы алаирхәит, уаҟа араӡны медал даԥсахеит. 2007 шықәсазы ақәԥаразы Адунеи ачемпионат аҿы ахьтәы медалқәа иоуит.…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me