Ааигәа апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит. Валери Платон-иҧа Касланӡиа диит (23.11.1943) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ианашьоуп Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.

Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа

14 Ԥхынкәын 2023 12:32
Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган «Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа» захьӡыз агала-концерт, уи маԥысуеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Ахәылԥаз иалахәын ашықәс иалагӡаны имҩаԥысуаз афестивальқәеи аицлабрақәеи рҿы еиӷьны зхы аазырԥшыз.
Иҳаҩсхьоу аҭыжьымҭақәа рҟны ишазгәаҳҭахьоу еиԥш ҳбызшәа аиқәырхареи аихаҳареи жәашықәсала зылшара аду ҳҵарауаа русумҭақәа рахьтә еиҳа азҿлымҳара ззыжәуп ҳәа ҳгәы иззаанаго ркьыԥхьра иацаҳҵоит.

«Ласточка» – Аҟәанӡа

14 Ԥхынкәын 2023 12:30
Аԥхынра, 2024 шықәсазы Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит ҩ-фымцадәыӷбак «Ласточка». Арҭ адәыӷбақәа рныҟәара аграфик иаларгалеит, уи аусура иалагоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ҳәа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа апресс-маҵзура аҟнытә адырра ҟанаҵоит «Вести Сочи».
Арра ирго Аԥсны Арбџьармчқәа рштаб Хада ашҭаҿы аҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра ап­ресс-маҵзура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me