Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит анапхгаҩы Андреи Белианинов хадас дызмоу Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аделегациа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.Бжьаниеи Белианинови Ашықәс ҿыц еидырныҳәалеит, ирзеиӷьибашьеит аҭынчра, ақьиара.

Ақьырсиантә ныҳәа ду

24 Ажьырныҳәа 2024 07:40
Ақьырсиантә ныҳәа дуқәа ируаку – Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа иаԥхьанеиуа ахәылԥаз ажьырныҳәамза 18 иақәшәоит. Ари ауха, ишаԥу еиԥш, ақьырсианца ачарыц иалху ацхеи ашәырҩеи зларҵо ачгьахьачыс хаа ҟарҵоит. Ари ачыс жәытә-натә аахыс аиҭаҿиара, аԥсҭазаара ахацыркра символра азнауан.
Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа аӡиа Риҵа аҟны иҟоу «Сталин идача» аукцион аҟынтәи ирҭиизшәа аинформациа аларҵәара инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Беслан Кәыҵниа атәылауаа ауаажәларра рыҩныҵҟа аибарххареи аҭагылазаашьа ашьақәҟьареи иашьҭоу џьоукы ирҳәо, ирыҩуа харҵаанӡа, уи аԥхьа ироуз адыррақәа аофициалтә хыҵхырҭақәа рҟны игәарҭаларц азы ааԥхьара ҟаиҵоит.

Ҳакзаара мчы ҕәҕәоуп

23 Ажьырныҳәа 2024 10:46
1992-1993 шықәсқәа ­рзтәи ҳџьынџьтәылатә еибашьра ишналагаз еиҧш, хатәгәаҧхарала иҳацхраарц иааз рфырхаҵара ҳажәлар ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит. Аҧсни уи иқәынхоз ажәларқәеи ашәарҭара бааҧсы ҳанҭагылаз зхы-зыҧсы иамеигӡакәа, акаҵәарақәа ирхыҵны иҳавагылаз рхыҧхьаӡара наӡон хнызқьҩык рҟнынӡа, урҭ рахьтә 260-ҩык инареиҳаны ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит. Шьак еицалҵыз Нхыҵ-Кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа рыдгылара, ргәашьамх арҵаруан, ргәамч ҩбанатәуан, аиааира инагӡаны агәра днаргон ҳҵеицәа.
Едуард Ажьиба иааигәаны дыздыруаз, иҿцәажәахьаз, ицныҟәахьаз насыҧ иман, рҳәоит иахьа уи дызгәалашәо. Дахьыҟазаалакгьы Едуард даара аҧсуара бзиа ибон, егьныҟәигон. Аҧсуара аҵакы иара изы акыр иҭбаан, иҵаулан, иҧсҭазаараҿы сара саҧсуоуп аҳәара мацарала акәмызт ишеиликаауаз. Аҧсадгьыл еиҧш, аҧхьа иргылон ахатәы бызшәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me