Ҩынҩажәа шықәса раҧхьа, Ҭхьына ақыҭан инхо Кархалаа рҭаацәара аҟны ҭацас днанагоит Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа аҟны аҵара зҵоз Нонна (Џьулетта) Шьалуа-иԥҳа Вардаиа. Убри инаркны хьыӡшьарас Џьулетта ҳәа изырҭаз, ихәыҷаахыс амедицина бзиа избоз дызланагалаз Ҭхьына ақыҭа ауааҧсыра амедицинатә цхыраара рыҭара дналагоит.