Октиабр 30 азы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирыладырӡыз ргәалашәара Иамшын. Сариа Лакоба лыхьӡ зху абаҳчаҿы имҩаԥысит урҭ ирызку абаҟа ашьапаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара. Иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.