Жәлар рыбзиабара иаԥсахаз Сынтәа 115 шықәса ҵуеит Аԥсны аҵеи иаша, апатриот ду Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба диижьҭеи.Зегь реиҳа ҳажәлар аамҭа хьанҭа ианҭагылаз, милаҭҵас аԥсра, аӡра ахықә ианхықәгылаз Аслан Оҭырба дымшәа-дмырҳа рҿахәы иҳәон, рыгәҭыха игәҭыхан.