1993 шықәса ианвар 6 асааҭ 21 рзы иҭыҧахь деибганы дзыхнымҳәӡакәа дҭахеит иеибашьратә дҵа нагӡаны иаауаз Ареспблика Аҧсны Арбџьар Мчқәа рҳаиртә хыхьчара еиҳабы Олег Евгени-иҧа Ҷанба. Олег Евгени-иҧа диит 1962 шықәсазы Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭаҿы. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь 1974 шықәсазы дҭалеит арратә аҧырҩцәа разыҟаҵарҭа Армавиртәи аҵараиурҭа ибзиаӡаны далгеит 1983 шықәсазы.

Аиаша зегьы ирдырырц

06 Цәыббра 2022 11:31
Ареспублика Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ажурналисттә Еидгылақәа Жәларбжьаратәи Рконфедерациахь Ааҧхьара ҟанаҵеит. Ахәҭакахьала уаҟа иаҳәоит: Хәмз ҵит Аҧсны иаҿагыланы ақырҭцәа агрессиа ианалагаз аҽны инаркны . Уи хықәкы хадас иамоуп аконституциатә шьақәгылашьеи аҧсуаа рҳәынҭқарреи раҧыхра.

Аԥсуак иԥсы ҭанаҵы…

06 Цәыббра 2022 11:29
Аҧсны иақәмақаруеижьҭеи иахьакәым, иацакәым. Шаҟа ацәа иҭаӡарызеи, шаҟагьы ачҳарызеи ҳ-Аҧсны ҧшӡа рыцҳа?! Убри азоуп иахьа ҳаҷкәынцәа хацәнамырха ақырҭуа фашист иҿагыланы изықәҧо. Иахьагьы афашист исахьа змоу Шеварднаӡеи Надареишвилии иреиҧшу рҩызцәагьы даргьы ргәы иажьоит, убарҭ ауаҩы ишьажәцәа ирыздыруам аҧсуак иҧсы ҭанаҵы Аҧсны аиқәырхаразы хацәнамырха дшықәҧо.
Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз хашҭра рықәӡам Аҧсадгьыл азы зхы иамеигӡаз аҧсуаа рҵеицәа – агәлымҵәахқәа, еснагь ижжаӡа икыду аеҵәа еиҧш ҧсра иқәымкәан рыгәҭа далагылоуп Лыхнытәи арҧыс Сарсаниа Нурбеи Владимир-иҧа

Ҳҭоурых абылра амш

06 Цәыббра 2022 11:24
Аибашьра еибашьроуп. Шамахамзар иҟамлаӡац аибашьра аан, абџьар зку ар рыдагьы, аҭаҳмадацәа аҭакәажәцәа, аҳәса, ахәыҷқәа, иара убас аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынхақәа ҭамхакәа. Уимоу иҟоуп «аибашьра аан хырҧашьа змам аҭагылазашьа» иазку адунеи жәларбжьаратә конвенциа, хыхь еиқәаҳаҧхьаӡаз агәнаҳарақәа рҳәаақәҵара иазку. Уи адокумент астатиақәак урызхәыцыр аруаҩ аибашьраҵәҟьа даналагылоу афронтаҿы иага шьаус ҟаиҵаргьы, шамахамзар гәыбҕан иҭашьа ыҟамшәа агәаанагара узцәырҵуеит! Иҵабыргыҵәҟьан аибашьра ахьцо афронтаҿы, убас еиҧш аҭагылазаашьақәа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me