Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара иаҵанакуаз еицырдыруа ажәа азҟаза Ӡаӡ Харитон (Хәанакьа)-иҧа Дарсалиа дии­жь­­ҭеи 125 ш. ҵит. Ӡ.Дарсалиа диит Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыҧ ақыҭан 1898 ш. август 16 рзы.
Мышқәак раҧхьа асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа Рцентр аҟны имҩаҧган Аҧсны адемографиатә шәарҭадара иазкыз аилацәажәара. Уи ааиртит Ацентр анапхгаҩы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Олег Дамениа.
Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аԥсуа жәлар рҵеицәа иашақәа ируаӡәку Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба 70 шықәса ихыҵуеит. Уи диит август 26, 1953 шықәсазы Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан.
Аԥсуа ар ркәалӡтанктә архәҭақәа реиҿкаара иалагамҭаны иԥхьаӡоуп август 14 – аибашьра ианалагаз раԥхьатәи амш.
Аԥсуа авиациа аира иамшны уаҩы иԥхьаӡар ауеит 1992 шықәса август 27. Убасҟан Гәдоуҭа азааигәара адәаҿтәи аҳаир баӷәаза «Лыхнашҭа» итәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәыз, аибашьратә ҵакы змаз аидарақәа аазгаз аҳаирпланқәа АН-2 ҩба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me