2023 шықәса октиабр 17, Аԥсныпресс. Москва, ҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҳәаақәҵара ашьақәыргыларазы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
«Ар ирнымиаз дхаҵа ҕәҕәоуп» – рҳәоит аҧсуаа ражәа иалаҵаны. Шьаҭанкыла аҧсуа жәлар ҳақәхра игәы иҭакны ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, уи иҿагылара, иқәцара анаҭахыз аамҭазы агәаҕьреи агәымшәареи аадырҧшит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа.
Адыгатәыла иҭыҵуа ареспубликатә газеҭ «Адыге Моҟәи» аҧсуа газеҭ «Аҧсни» аусеицура хацдыркит.
Ҟарачы-Черқьестәыла, Абазашҭа еиуоу абаза поетесса Лариса Шебзыхәа аҧхьаҩцәа дырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит, абаза бызшәала еиҧш, дыҩуеит урысшәалагьы.
Нхыҵ-Кавказтәи ихароу аҳәаанырцәи рҵакырадгьылқәа ирықәбзазо, шьак еицызлоу аԥсуа-адыга жәлахылҵшьҭрақәа ирхаҭарнакцәоу ажәларқәа ҳгәеизыбылра иашьаҭахаша ҳаибабареи, ҳаиҭанеиааиреи ирзынархоу аусқәа рырцыхцыхра ахықәкы хадақәа иреиуоуп, шықәсык аԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иқәҵарала иаартыз, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me