Апрофессионалтә бокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла, ҳџьынџуаҩ, ААУ астудент Енвер Бзагәа апромоутертә еилазаара «ATILGAN PRODUCTION» еиҿнакааз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз «ATILGAN FIGHT NIGHT X» аҿы Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Иара ирантәи абоқсиор Саџьад Хабиб дииааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура. Аиндаҭлара ԥхынҷкәынмза 15 рзы Анкара ақалақь имҩаԥысит. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭра Енвер Бзагәа раԥхьаӡа…